«Дебс, Иуџьин» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
+ 6 категориақәа HotCat ацхыраарала, линкы
Нет описания правки
Ацәаҳәа 1:
'''Иуџьин Виктор (Џьин) Дебс''' ({{lang-en|Eugene Victor «Gene» Debs}}; {{date|5|11|1855}}, [[Терре-ҲотXот]], [[Индиана]], [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|ЕАШ]] — {{date|20|10|1926}}, [[Елмҳерст]], [[Илиноис]], [[Еиду Америкатәи Аштатқәа|ЕАШ]]) – Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны аусуцәеи армаратә ҵысреи русзуҩы, [[Америка Асоциалисттә партиа]] ([[1900]]–[[1901]] ш. рзы), иара убас ([[1905]] ш. рзы) азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Асоциалисттә партиа аԥхьагыла, уи апартиа аҟынтәи алхрақәа раан хәынтә кандидатс иҟаз, 6% рҟынӡа америкатәи алхыҩцәа рыбжьқәа роура зылшоз.
 
==Абиографиа==
Иуџьин Дебс далгеит 8 класск, 14 шықәса анихыҵуаз аусура далагеит, раԥхьа аихамҩа аусзуҩыс, нас амцаҭаҵаҩы ицхырааҩыс, аҵыхәтәаны [[1870]] ш. рзы афақьдәыҕбаафақьдәыӷба амцаҭаҵаҩыс аусура далагоит. Иуаажәларратә усура акәзар, уи хациркит алитературатә клуб Оксидентел, иқалақь гәакьа Терре-Хот аҟны, уахь еснагь ааԥхьара ала иқәгылон Роберт Грин Ингерсолли Сиузен Ентонии.
Иуџьин Дебс иԥсҭазаара ахәҭак азаанаҭеидгылақәа раԥҵареи рырҭбаареи иазикит. Хыԥхьаӡара рацәала иаԥҵаз азанааҭеидгылақәа реидкылара дашьҭан. Аха игәҭакқәа зыҟамлеит. «Пульмановтәи ақәгыларақәа» рхыбгалара ашьҭахь – усҟантәи аамҭазы уи зегьы иреиҳаз амассатә қәгыларан, Дебс фымз иқәҵаны дҭаркуеит. Аӡбарҭаҿ уи дихьчон еицырдыруаз адукат Кларенс Дерроу.
Дерроу (иара убасгьы америкатәи асоциал-демократцәа рԥыза Виктор Бергери) иоуп Дебс асоциалисттә ҵара дадзыԥхьалазгьы. Абахҭаҿ Едвард Беллами, Роберт Блетчфорд, Карл Каутски, Карл Маркс, асоциалистцәа русумҭақәа дрыԥхьон, Дебс еиликаауа далагеит, азаанаҭеидгыла ахаҭа, аполитикатә дгылара змам, аусуцәа рықәԥара аҟны ацхыраара дук аҟаҵара шзалымшоз. Раԥхьа Асоциал-демократиатә, анаҩс Еиду Америкатәи Аштатқәа Рсоциалисттә партиа аиҿкааҩцәеи аԥҵаҩцәеи ируаӡәкыз Дебс атәыла акәакьқәа акыр дырҭааны асоциализм атемала алекциақәа дрыԥхьон.
[[1904]], [[1908]], [[1912]], [[1920]] - тәи ашықәсқәа рзы Иуџьин Дебс Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә кандидатс дықәдыргылоит, Еиду Америкатәи Аштатқәа апрезидент иалхрақәа рзы алхратә компаниа аан. [[1904]] шықәса рзы акандидат Дебс 20-нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. [[1908]] шықәса рзы Дебс 500-нызқь инарзынаԥшуа абжьқәа иоуит. Аха апартиа иреиҕьызиреиӷьыз алҵшәақәа аанарԥшит [[1912]] шықәса рзы апрезидент иалхрақәа раан, усҟан Дебс 901.551 бжьы иоуит – ари ишьақәнаргылеит 6% алхыҩцәа рыбжьы, абра иҳәатәуп ари иреиӷьыз лҵшәаны ишыҟаз «ахԥатәи апартиа» акандидат изы, америкатәи алхрақәа рымҩаԥысрақәа зегь раан. [[1920]] шықәса рзы Дебс икандидатура даҽа зныкгьы иқәыргылан, уи аамҭазы иара ашпионаж азы азакәан аилагаразы ахара идҵаны дышҭакызгьы, 913.664 бжьы иоуит – ари Асоциалисттә партиа акандидат изы зегьы иреиҳаз хыԥхьаӡаран алхрақәа рҭоурых аҟны. Анаҩс, [[1921]] шықәса рзы Дебс аполитика маҷк дацәхьаҵны агитациатә ус, асоциализм аларҵәара иазырхаз дазхьаԥшуеит. Иԥсҭазаара далҵаанӡа иара Америка ныҟәаҩык иаҳасаб ала дакәшон, уи аан иашьа Теодор Дебс идгылара иазырхаз алекциақәа мҩаԥигон.
Иԥсҭазаара зегьы Дебс аԥара даргәаҟуан, ихазы, аиҿкаара азы, насгьы апартиатә газеҭи ажурнали рҭыжьразы, урҭ редакторцәас иаман иашьеи иареи. Абарҭқәа зегьы ракәын иара ирҳауаз зегьы зыхҭниҵоз. Азанааҭеидгыла ауалқәа раркразы Дебс иара ихьӡала акредитқәа анигозгьы ыҟан.
 
Ацәаҳәа 15:
==Иу. Дебс иԥсҭазаара ахроника==
===1855–1894 шш.===
[[Абҵарамза 5]], [[1855]] шықәса рзы ақалақь [[Терре-Хот]] ([[Индиана]]) диит Иуџьин Виктор Дебс.
1875 ш. – Дебс Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара ашьаҭаркҩцәеи амаӡаныҟәгаҩцәеи дыруаӡәкхеит.
1875 ш. анҵәамҭазы – ақ. Терре-Хот аҟны иаԥҵаз алитературатә Оксидентал-клуб апрезидентс далхын.
1878 ш. – Ажурнал Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Риашьара Амилаҭтә журнал аредактор ицхырааҩыс дҟаҵан.
1879 ш. – адемократцәа ралхратә сиа ала, раԥхьаӡа акәны ақ. Терре-Хот амуниципалитет амаӡаныҟәгаҩыс далхын.
1880 ш. – АдәыҕбақәаАдәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара Амилаҭтә хеилак аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан, иара убасгьы ари азанааҭеидгыла ажурнал аредакторс дҟалоит.
1884 ш. – ақ. Терре – Хот аҟнытә адемократцәа рхаҭарнак иаҳасабала, аштат Индиана азакәанԥҵаратә еизара алахәылас далхын.
1885 ш. – Протестк аҳасаб ала Ассамблеиа далҵуеит, избанзар иара игәаанагарала, уи аусзуҩцәа ринтерсқәа рымаҵ ауам.