«Амшын Еиқәа» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
мНет описания правки
Нет описания правки
Ацәаҳәа 5:
Амшын Еиқәа ақәӡара аҵанакоит 422 000 км². Иара аҿыкәыршала еиԥшуп ииашам аформа змоу аихагежь еиҳа иахьыҭбаау 1150 км хьыҟоу. Еиҳаӡоу аҵаулара иамоуп 2210 м.
 
Амшын аԥшаҳәа ишьҭоуп быжь-ҳәынҭқаррак: [[Аԥсны]], [[Урыстәыла]], [[Украина]], [[Болгариа]], [[Ҭырқтәыла]], [[Қырҭтәыла]].
 
Амшын Еиқәа ӷәӷәала иҟьашьуеит иара иалало аӡқәа иаларгало ааглырхатә пестидицқәеи, азотқәеи, афосфорқәеи ирыхҟьаны.Азоти афтори рыбзоурала амикроорганизмқәеи аӡҵиаақәеи ироуеит афатә, уи реизҳараҿы иацхраауеит, аха нас ибаауеит аӡы аҵаҿы, аӡы акисларод зегьы алцәцәааны. Акисларод азымхара иахҟьаны иԥсуеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсыӡқәа, амоллиускқәа, адыӷаҷиақәа. Иахьа 40% рҟынӡа амшынеиқәа иҭоу зегьы аныӡаара ахықә ихәгылоуп Урҭ ашәарҭара иҭазыргыло иреиуоуп иара убас аӷбақәа, анышьқәа, ашхәақәа. Дара еиладырҩынтуа алыкь аӡы иханагалоит, уи шыхәашьу аҳәарԥсарратә зонақәа рҟынӡагьы инаӡоит. Амшын аҽрыцқьара иахьӡаӡом, уи зегьы аекосистемазы иԥырхагоуп.
 
==Алитература==
 
==Ахьарԥшқәа==