«Апрезиденттә ҳәынҭқарра» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
Нет описания правки
Ацәаҳәа 7:
 
==Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдарақәа ==
Ас еиԥш аҳәынҭқарра аиҿкаашьа аформа аҷыдарақәа иреиуоуп уи аӡәы дахьахагылоу. Ара амчра зегьы апрезидент иҟны еизакуп. Иара анагӡаратә мчра напхгара аиҭоит, аминистрцәа аиҭоит, урҭ рҟынтәи аҳасабрбақәа идикылоит. Абра идыртәу, апрезиденттә ҳәынҭқарра – ари теориатә еилкаароуп. Апрактика аҟны аусура амеханизмқәа зегьы аҭыԥантәи акониунктуреи атрадициақәеи ирхьырԥшны ишьақәдыргылоит. Иаагап ҿырԥштәыс аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Мексика акәзар, Ахада иалхрақәа ишиашоу жәлары зегьы рыбжьаҭарала имҩаԥысуеит. [[Еиду Америкатәи Аштатқәа]] (США) рҟны ишиашоу акәымкәа, ажәлар ргәаҳәара нарыгӡоит. Уи иаанаго, ауаа дара ргәазыҳәара азгәаҭара «алхыҩцәа» ҳәа ззырҳәо ҷыдалатәи ауаа инарыгӡоит. Урҭ роуп апрезидентс иҟалогьы далызхуа. Даҽазныкгьы иазгәаҳҭап апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны алхрақәа рымҩаԥгашьа амеханизмқәа шеиуеиԥшым.
Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хадақәа алаҳкаауазар, ара имҳәакәаны узаҩсуам апарламентнҭыҵтәи аҳәынҭқарра аԥҵашьа аформагьы. Фактны иазгәаҭатәуп атәыла Ахада шиакәу аминистрцәа азҭо. Дара иара иҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Иара убасгьы, апрезиденттә ҳәынҭқарра иаҷыда ҟазшьақәаны иҟоуп амчрақәа реихшара. Уи иаанагоит аҳәынҭқарра Ахада азин шимам апарламент аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра, аха апарламент иара аганахь ала аминистрцәа реилазаара ахь нырра амам.
 
Ацәаҳәа 22:
Аус злоу алхрақәа роуп. Ишаԥу еиԥш, аҳәынҭқарра ахада иалхразы рыбжьы арҭоит атәылауаа зегьы. Даҽакала иуҳәозар, ауаа ирымоуп алшара, рыԥсҭазаара шықәсқәак ирылагӡаны изхьыԥшхо иалхра апроцесс анырра аҭаразы. Ҿырԥштәыс иаагозар, атәылақәа Мексикеи Мысреи (Египет) ртәылауаа алхырҭатә ҭыԥ аҟны рыбжьы ирҭоит зыгәра рго акандидат. Акандидатцәа ркадидатурақәа ықәзыргыло апартиақәа роуп, даҽакала иуҳәозар, хшыҩҵакык еиднакыло атәылауаа реилазаара.
 
Зынӡа даҽа механизмк азгәаҭоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа (США) Рконституциа аҟны. Ари атәылаҟны атәылауаа апрезидентрахь акандидат изы акәӡам рыбжьы зарҭо, ара рыбжьы зырҭо ауаҩы дара рыхьӡала аплебисцит далахәхоит. Ас еиԥш алхратә принципқәа инахыкәшаны имҩаԥырго ҳәа иашьҭоуп.
 
==Изеиԥшроузеи анапхгараҭатә форма Урыстәыла?==