«Гипперт, Иост» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
Нет описания правки
Ацәаҳәа 4:
== Абиографиа ==
[[File:იოსტი.jpg|thumb|Bernard Outtier, Jost Gippert, Winfried Boeder]]
Иост Гипперт диит 1956 шықәса хәажәкыра 12 рзы Германтәылатәи ақалақь Винц Нидер Венигер аҟны. 1972-1974 шш. рзы аҵара иҵон МаибургтәиМарбургтәи ауниверситет аҿы, 1974-1977 шш. рзы аҵара иҵон [[Берлин|Берлинтәи]] зхы иақәиҭу ауниверситет аҿы, аиҿырҧшратә бызшәадырреи, аиапонологиеи, асинологиеи, аиндологиеи, иара убас аславистикеи, агерманистикеи аклассикатә филологиеи рхырхарҭала.<ref>[http://turfan.bbaw.de/bilder/aktuelles/comstworkshop-voraeufigesprogramm.pdf "Jost Gippert's curriculum vitae"]</ref>
1977 шықәсазы ихьчеит адиссертациа атемала: «Аинфиниттә конструкциақәа рсинтақсис аиндогермантә бызшәақәа рҿы». 1977 шықәса инаркны аус иуеит Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет аҿы. 1982-1983 шш. рзы Венатәи ауниверситет аҿы алекциақәа дрыҧхьон ақырҭуа бызшәеи, аҭохартә бызшәеи аиндогермантә бызшәақәеи рсинтақсис иазкны. 1983 шықәсазы аус иуан [[Австриа]] анаукақәа ракадемиа џьамтәылатәи акомиссиаҿ, алекциақәа дрыҧхьон Зальцбургтәи ауниверситет аҿы иҟоу аславистикеи аиҿырҧшратә абызшәадырреи ринститут аҿы. 1984 шықәсазы дхынҳәит Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет ашҟа, уа 1990 шықәсанӡа ассистент-профессорс аус иуан. 1990 шықәса инаркны Иост Гипперт аус иуеит Бамбергтәи ауниверситет аиранистика афакультет аҿы. 1991 шықәсазы ихьчеит аҩбатәи адиссертациа ашәамахьтәи аџьамтәи абызшәақәа рҟынтә (IranicaArmeno-Iberica) ақырҭшәа иалалаз алеқсика иазкны. 1994 шықәса инаркны напхгара азиуеит Франкфурттәи ауниверситет аҿы аиҿырҧшратә бызшәадырра аинститут. 2007 шықәса инаркны Гете ихьӡ зху Франкфурттәи ауниверситет дсенаторуп. Иост Гипперт 200 иреиҳаны хадара злоу аҵарадырратә усумҭақәа дравторуп.