«Наполеон Бонапарт» аревизиақәа рыбжьара аиԥшымзаара

Содержимое удалено Содержимое добавлено
Нет описания правки
Нет описания правки
Ацәаҳәа 1:
'''Наполеон Бонапарт''' ([[1769]] — [[1821]]) — диит [[1769]] шықәса август[[нанҳәа 15]] рзы Корсика адгьылбжьахаҿы. Франциа, иеиԥш зеиԥшыз афырхаҵа дмаҷын. Уи иҭаацәа арахь Италиантәи 16-тәи ашәышықәсазы иааит. Иара ихьӡҵәҟьа Наполеоне акәын, милаҭла – корсикатәи италианецын.
 
Иара иаб ддукатын, афранцызцәа ирҿагылаз дрыдгылан. Наполеон аррнапхгаҩ дуны, револиуционерны иҟалара амзызқәа ируакзар ҟалоит арадикалтә ҟазшьа змаз аҭаацәа рҿы иахьизҳауаз. Наполеон 9-шықәса анихыҵуаз, иаб Бринеҟа дишьҭуеит Париж иҟаз франциатәи арратә еиҳабыратә школ ахь. Уаҟоуп арратә ҵара ахьиоузгьы. Иара артиллеристи офицер ҵареи дҭан. Иҵара даналга, 16 шықәса шихыҵуаз афранцызцәа рыр далалеит.
Ацәаҳәа 5:
Наполеон [[1792]] шықәсазы идырҵеит Париж аусура. Афранцыз монархиа анахырҳәа ашьҭахь август 1792 шықәсазы, акапитан ихьӡ аҟынӡа дхагалан. [[1793]] шықәсазы артиллериа дәықәиҵеит амацәыз иҭакыз Тулуз агаразы. Хара имгакәа, Тулуз анкаҳа, Наполеон абригадатә еинралры аҟынӡа дхагалан. Уи Италиа афранцызцәа рыр анапхгаҩы даҭан, австриатәи аинралцәагьы аӡәырҩы дыриааит. 1779 шықәсазы Адиректориа захьӡыз франциатәи аиҳабыра хырбгаланы х-консулк рыла ишьақәгылаз аиҳабыра ҿыц аҧиҵеит, уа иара консул хаданы дыҟан. Убри аамҭазы дарбан францыззаалак Наполеон бзиа дибон, дизгәдуун; имчхарагьы ҕәҕәхеит. 1802 шықәсазы Франциеи, Англиеи, Германиеи аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Наполеон Франциа Ауниверситет еиҭашьақәиргылеит, Франциа Абанк аҧиҵеит. Иара убас иаҧиҵеит Наполоеон икодекс: раҧхьатәи иаазыркьаҿу афранцыз закәан аилыркаа. Наполоеон икодекс дунеи зегьы аҿы аиуристтә система аҧҵаразы шьаҭас иаиуит. Хара имгакәа уи аиҳабыра иҧсахын Фрранциа аимператорс ихьӡ рылаиҳәеит. Австриа аимператор Мари Луиза ҧҳәысс дигеит. Аҧа диоуит. Шьҭа аимпериа ду дахагылан, 42 миллионҩыуаак напхгара риҭон. Абри ашьҭахь Урыстәыла агара иҽазикын, иимпериа хыбгало иалагеит. 1814 шықәса апрель мза 6рзы Наполеон дахҳәаны Ельба адгьылбжьахалахь дахыган. Шықәсык аҟара ҵхьан еиҧш, 1000-ҩык раҟара ар еизиган париж далалеит еиҭа амчра инапахьы ааигарц азы. Аамҭа кьаҿк мчраҟны дыҟан, ашьҭахь англызқәа иҽриҭеит.
 
Алада Атлантика иҟоу Ацқьа Елена лыдгьылбжьахалахь дахцан, иҧсҭазаара далҵаанӡа 1821 шықәса маи[[лаҵара 5]] рзынӡа ара дыҟан. Изларҳәо ала, акьыба чымазара дагеит, аха ахәшә ирҭеит ҳәа зҳәогьы ыҟоуп.
 
==Алитература==