Амлагәы́р[1] (алаҭ. Salmo trutta labrax Pallas, 1814) — амлагәыртә ахкәеиҵа аԥсыӡ Амшын Еиқәа иҭоу. Аура 110 сантиметр ыҟоуп, акапан — 24 килограмм. Ақурҭҟьара аамҭа анааилак, аӡыцқьаҳь ииасуеит, уа аҟьоит ақәырҭ 15 нызқь рҟынӡа. Ақәырҭ идуцәоуп 5 мм аҟынӡа инеиуеит. Аԥсныҟа иубарҭоуп аӡиасқәаҿы: Мҷышь, Бзыԥ, Ԥсоу, Кудры, Гумысҭа, Кьалашәыр, Егры, Аалӡга, Уакум.

Амлагәыр

Алитература аредакциазура

  • Бӷажәба М. Т., «Аԥсыӡқуа», Алашара, Аҟәа, 1977

Ахьарԥшқәа аредакциазура