Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд, ИуНИСЕФ (англ. United Nations Children’s Fund, UNICEF) – жәларбжьаратәи еиҿкаароуп, аус ауеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анапаҵаҟа. Иара аԥҵан 1946 шықәса, декабр 11 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы, Ниу-Иорк. Раԥхьаӡа акәны, 1940 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд аԥҵара аидеиа рылеиҳәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусбарҭаҟны Польша хаҭарнакра азызуаз, ацхыраара аҟаҵара знапы алакыз Лиудвик Реихман.

Аҭоурыхтә фактқәа аредакциазура

Ари аидеиа адгылара аиуит 1946 шықәсазы, ассамблеиа хада аилатәараҿы – аӡбамҭагьы рыдыркылеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟәшак аҳасаб ала Ахәыҷтәы фонд аԥҵаразы. Афонд аҳасабтәқәа иреиуан, ахҵәацәа аамҭалатәи рлагерқәа рҿы инхоз, мамзаргьы аибашьра ашьҭахь еилаԥыххааз ақалақьқәа рҿы инхоз ахәыҷқәа зегьы ацхыраара рыҭара. Арбагақәа рыла урҭ ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩажәа миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Афонд анаԥҵахаҵәҟьа, иара анагӡаратә директорс дҟаҵан Морис Пеита. Афонд аусура раԥхьатәи хышықәса ирылагӡаны агәыҳалалратә ус ду мҩаԥнагеит. Иныхын 112 миллион доллар. Жәаҩа тәыла рҟны хә-миллионҩык ахәыҷқәеи анацәеи амаҭәа рызшан, аа-миллионҩык ахәыҷқәа арԥҳа чымазара аҟынтәи алаҵақәа рзыҟаҵан, иара убас еиҭашьақәдыргылон ахшлыҵ ааглыхра.

Европа аекономика анышьақәгыла, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аплан инақәыршәаны, 1953 шықәсазы аӡбамҭа рыдыркылеит Ахәыҷтәы фонд аусура аамҭа иацырҵарц ԥымкрада, убри аан иара анапынҵақәагьы дырҭбаарц. Афонд амчхара дәықәҵан зыҿҳәара дуу апрограммақәа рахь, гәҭакыс ирыман аҿиара иаҿу атәылақәа рхәыҷқәа ргәабзиарахьчареи рыфатә аалыҵи реиӷьтәреи. Абарҭ аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, афонд рыдыркыло иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара еснагьтәи аусбарҭа акәны.

150 миллион доллар афонд аҟынтәи ирықәхарџьын ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы арыԥҳа чымазареи, ашыӡи уҳәа усҟантәи аамҭазы аларҵәара змаз ачымазарақәа рыхәышәтәра. Агәыҳалалратә усура еиԥш, имҩаԥыргон аҵарадырратә усурагьы, афонд ирыланарҵәон асанитартә ԥҟарақәа, иреилнаркаауан акрыфара хадара шалоу.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи, ақыҭанхамҩатә еиҿкаареи, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи аус рыцуа, Ахәыҷтәы фонд ацхыраара ҟанаҵон ахш аалыҵқәа ахьыҟамыз араионқәа рзы апротеин рацәаны излаз афатә аус адулара аҟны.

Аамҭақәак рышьҭахь, Ахәыҷтәы фонд асоциалтә цхыраара рзыҟанаҵон ахәыҷбаҳчақәа, аҿар рзы аклубқәа раартра аҟны, иаԥырҵон аконсультациақәа аҭаацәа зегьы рзы. 1961 шықәсазы, ашықәс аихшьаалақәа рҟны анагӡаратә хеилак алаҳәара ҟанаҵеит Ахәыҷтәы фонд аполитика аиҭакрақәа шалагалахо. Иназыцҵоу функциақәак раҳасаб ала афонд аҳәамҭа ҟанаҵеит хазы игоу тәылақәак ацхыраара рыҭаразы. Ихацыркын арҵаҩцәа разыҟаҵара финансла аиқәыршәара.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аҵакы ахәшьара аҭауа, 1965 шықәса рзы иара ианаршьоит Нобель ипремиа, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аиашьара ашьақәырӷәӷәаразы. Апремиа анашьара ашьҭахь дук мырҵыкәа иԥсҭазаара далҵуеит Морис Пеит, убри инамаданы апремиа идикылеит анагӡаратә директор ҿыц Генри Лабуисс. Ари аҳамҭа афонд аусра ахәшьара хада азҭаз акакәны иҟалеит. ИУНИСЕФ, аԥҵан аамҭала аҭагылазаашьа ҷыдақәа риааиразы, Европа аибашьра ашьҭахь хылаԥшрада, напыда инхаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. Анагӡаратә директор Нобель ипремиа иацыз аԥарақәа рыла еиҿикааит Морис Пеит иаҳаҭыр азы апремиатә фонд. Есышықәса ари апремиа ацхыраара ҟанаҵоит ахәыҷра ахьчара зхы азызкыз ауаа разыҟаҵара аиӷьтәразы. 1975 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд есышықәсатәи абиуџьет раԥхьаӡа акәны 100 миллион доллар еиҳахеит.

«Аҭынчра абџьар» хархәара азуа аредакциазура

ИУНИСЕФ анагӡаратә директор Анри Лабуисс апремиа анашьара ашьҭахь аиҿкаара ахьӡала иқәгылараан иазгәеиҭеит ахәыҷқәа зегьы аҵарадыррала реиқәыршәара шхымԥадатәу. Ҵарадырралеи информациалеи еиқәшәоу ахаҭарақәа рышьақәыргылара адунеи иқәынхо ауаа зегьы анырра рнаҭоит, агәреибагара рыбжьалоит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәабзиарахьчара, аҵарадырра аларҵәара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара асубсидиақәа рзоузыжьуа, жәларбжьаратәи институтк аҳасабала иалшеит ахәыҷқәа рыцхыраареи амилаҭтә ҿиареи аимадара рыбжьаҵара. Иароуп иаазырԥшыз ахәыҷқәа рроль аԥхьаҟа аекономикатә, асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаԥгараҟны.

Ахәыҷтәы фонд аиҳабырақәа аус рыцнауеит, урҭ рыбжьара аусеицура рзеиԥш хықәкы еихьӡарала анагӡара алнаршоит. Иаҳҳәап, Ахәыҷтәы фонд тәылак аҿы ахәыҷқәа рыцхырааразы апроект долларк ахҭнырҵазар, иара атәыла аиҳабырагьы убри аҟара ахҭнырҵароуп.

Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иқәгылоу ИУНИСЕФ аҳасабтәқәа иреиуоуп – ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара аҿиара, ауаатәыҩса рпрогресс иузаҟәымҭхо, азеиԥш ҿиара ихымԥадатәу дҵаны ишыҟоу, жәларбжьаратәи аилазаара еилыркаартә аҟаҵара.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура аструктуреи апринципқәеи аредакциазура

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусбарҭа хада акәны иҟоуп Анагӡаратә хеилак, уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аекономикатә, Асоциалтә хеилак иалнахуеит хышықәса ҿҳәарас иаҭаны. Анагӡаратә хеилак иалоуп 36 ҳәынҭқарра рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Афонд аусура напхгара арҭоит амаӡаныҟәгарҭеи анагӡаратә директори. Ари амаҵура 2010 шықәса раахыс дахагылоуп Ентони Леик.

ИУНИСЕФ иалнакаауа аҳасабтәқәа рахь иаҵанакуеит, ус иагьаанхоит – ахәыҷқәа ианхәыҷӡоу инаркны рыҿиара ацхраара, иҷыдоу ахәыҷқәа рхылаԥшра, ачымазарақәа раԥырҟәҟәаара, иара убас, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара. Ахәыҷтәы фонд ихадоу ароль ааннакылоит авакцинатә шәарҭадара аԥҵараҟны, убри аан ахәыҷтәы вакцинақәа рҭахрақәа 40% процент рҟынӡа ахахьы иагоит. ИУНИСЕФ, иара убас, авакцинациеи аиммунизациеи рыпроблемақәа рзы зымҽхак ҭбаау алианс аԥҵаҩцәа иреиуоуп. Иара убас, афонд ООН агәыҳалалратә цхыраара азназго ирхадоуп.

2011 шықәса, ииун мзазы ООН Ахәыҷтәы фонд Мрагыларатәи Агәҭатәи Европа атәылақәеи Абжьаратәи Азиеи реиҳабырақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, «Хышықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа аинтернат ахь рнагара аанкылара» захьӡыз акомпаниа рҽаладырхәырц. Аҳәынҭқарратә интернатқәа рҟны ахәыҷӡақәа рыҟазаара урҭ рҿиараҟны анырра бааԥс ҟанаҵоит ҳәа аспециалистцәа излазгәарҭаз ала. Аԥышәара иаанарԥшит, хымз асеиԥш аусҳәарҭаҿы ахәыҷы иҟазаара иалагӡаны, иара иеизҳараҟны мызкы даҵахоит, аҭаацәараҿы изызҳауа иаасҭа.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд имҩаԥнагоит иполитикатәым, ганкы мацара иадымгыло аусура. Убри аҟнытә аԥыжәара рнаҭоит ахәыҷқәа, ииашаҵәҟьаны зегь раасҭа ацхыраара зҭаху. ООН апартниорцәеи агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи аус рыцура акәзар, иаарласны хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵара алнаршоит.

ИУНИСЕФ финансла аиқәыршәара аредакциазура

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәра ганы иҟоуп, адунеизегьтәи апрогресс шзалымшо ахәыҷқәа зегьы инхарҭәааны рыҿиара ада. Убри аҟнытә, афонд аусура зегьы шьақәгылоит абри апозициала. ИУНИСЕФ еснагь аполитикцәеи еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит аусеицуразы, адгылара рырҭоит, инарыгӡоит апрограммақәа, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчареи, урҭ ринтеллектуалтә ҿиареи хықәкыс измоу. ИУНИСЕФ Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи аԥара аиуӡом, иара аусура шьақәгылоуп агәыҳалалратә шьаҭала. Аусура мҩаԥысуеит аиҳабырақәа, акорпоративтә еиҿкаарақәа, хаҭала ауаа иҟарҵо алагалақәа рыла. Аҩбатәи ацхыраара афонд иаиуеит хықәкылатәи апрограммақәа рзы атәылақәа-адонорцәа рҟынтә. Алагалақәа рҟынтәи хынҩажәа процент ИУНИСЕФ идәықәнаҵоит ихьысҳан иҿио атәылақәа рахь, убри аҟнытә аԥарақәа рыбжа Африка атәылақәа рахь ицоит. Ибжьаратәу ахашәала змоу атәылақәа ирзоурыжьуеит ахыԥхьаӡара зегь ахьтә ԥшь-процентк. Ҳазну аамҭазы афонд есышықәсатәи абиуџьет 5 миллиард доллар ыҟоуп.

Дарбанзаалак ахәыҷы изин ахьчара – ИУНИСЕФ ахықәкы хада ауп аредакциазура

ИУНИСЕФ аусура азырхоуп, иарбан регионзаалак рыструктурақәа зегьы зҿлымҳара рырҭаларц еиҳа ихьысҳау ахәыҷқәа.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура апринципқәа инарықәыршәаны ишьақәнаргылеит 10 хықәкык, ахәыҷқәа рыпроблемақәа рыӡбара знапы алаку аинститутқәа рырӷәӷәара хырхарҭас измоу. Урҭ рахь иаҵанакуеит: • ахәыҷы игәабзиара ахьчаразы азин; • аҭаацәараҿы ихылаԥшразы ахәыҷы изин; • азинӡбарҭахь ԥынгылада анеиразы ахәыҷы изин; • иқәра анмаҷу инаркны аҵара аиуразы ахәыҷы изин; • зхаҭабзиара ҳараку аинклиузивтә ҵарадырра аиуразы ахәыҷы изин; • ВИЧ-инфекциа ада аиразы ахәыҷы изин; • ҳәаада аҭагылазаашьа маншәалазы ахәыҷы изин; • асоциалтә хьчаразы ахәыҷы изин; • асоциалтә хьчара апрограммақәа рзы ахәыҷы изин; • арыцҳара иацәыхьчара азы ахәыҷы изин; • иԥсҭазаара аҩбатәи ажәашықәсахь аиасра, аҩбатәи ашанс аиуразы ахәыҷы изин.

Урыстәыла аҵакыраҿы ИУНИСЕФ аусура аредакциазура

Урыстәыла ИУНИСЕФ ахаҭарнакра аусура иалагеит 1997 шықәса, март мзазы. Аусеицура знапы алакыз Урыстәыла Агәабзиарахьчареи асоциалтә ҿиареи рминистрра акәын. Партниорцәа хаданы иҟан Аҵареи аҵарадырреи, Адәныҟатәи аусқәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәеи, Аиустициеи рминистррақәа, иара убас аҳәынҭқарратә мчрақәа ррегионалтә усбарҭақәа.

ИУНИСЕФ иара ианаамҭаз Урыстәыла асоциалтә программақәа жәпакы мҩаԥнагон. Иаагозар, аԥшьгамҭа «Ҷыдала ахьчара зҭаху ахәыҷқәа» азкын зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны зҭаацәа зыԥхаз, аинтернатқәа, мамзаргьы амҩаду ианхалаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара. Даҽа программак, афонд аус зыднаулаз — «Аҿар ргәабзиареи рыҿиареи» азкын «аҿар рахь аиҩызаратә еилазаара», аҿартә информациатә центрқәа, асоциал-ԥсихологиатә цхыраара амодель аус адулара, ақәыԥшцәа раԥшьгамҭақәа рыдгылара. Еиҿыркаауан, иара убас, егьырҭ зымҽхак ҭбааз апроектқәа.

Урыстәыла Ахәыҷтәы фонд хшыҩзышьҭра арҭон, убасгьы, ахәыҷы изинқәа рзы аконвенциа, ахәыҷқәа ирызкыз Адунеизегьтәи аиҿкаарақәа рыҿиара. Иазгәаҭатәуп, иара убас, Нхыҵ Кавказ аибашьра иахҟьаны ааха зауз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазкыз ИУНИСЕФ хазы игоу апрограмма.

2005 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла еиҿнакааз апроектқәа рыхә 2,5 млн. доллар инаӡоит. Афонд ахылаԥшрала Урыстәыла имҩаԥысуан акультуреи аҟазареи русхк аҿы жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа. Есышықәса Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла имҩаԥнагоз аусурақәа рзы аҳасабырба азнархион, урҭ апрессаҿ иркьыԥхьуан, астол гьежьқәа рҿы ирылацәажәон. Аҽалархәразы иаарыԥхьон амчрақәеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа. Аха, 2009 шықәса сентиабр 4 рзы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз аӡбамҭала ИУНИСЕФ ахаҭарнакреи афондқәеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны иаанкылан.

ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи рҟны апандемиа инамаданы аҭактә уснагӡатәқәа аднакылоит аредакциазура

ИУНИСЕФ алшарақәа зегь еизнакит Европеи Агәҭатәи Азиеи KOVID-19 аламырҵәаразы, ихьысҳау ахәыҷқәа апандемиа рацәыхьчаразы. Русураҿы рхы иадырхәон ахәыҷқәа ргәабзиара, рҵарадырра ахьчаразы уаанӡа ирымаз аԥшьгарақәеи идырҳаз адыррақәеи.

Ахәыҷтәы фонд аус рыцнауан ООН асистема иаҵанакуа аиҳабырақәеи аусбарҭақәеи, иара убас еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, апандемиа иадҳәалоу аҭактә уснагӡатәқәа рыдкылара хықәкыс иҟаҵаны. Афонд рыцхраауан аиҳабырақәа, зыда ԥсыхәа ыҟам ахыхьчаратә хархәагақәа раахәараҟны, адизинфекциатә хархәагақәа, амедицинатә мыругақәа уҳәа уб. иҵ. Адунеитә џьырмыкьаҿы иҟоу аԥкрақәа ирызхьамԥшкәа, ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи ртәылақәа реиҳарак рахь идәықәырҵеит ацхыраара.

Аҵара аминистррақәа аус рыцуа, афонд еиҿнакааит аҵара апрограмма, иара убас ацифратә платформақәа, адистанциатә ҵара аларгалеит жәаф тәыла рҿы. COVID-19 инамаданы ашәарҭадараз, ахьчараз, ахәыҷқәа позитивтәла рааӡаразы, адырра рыҭан шәнызқьҩыла ахәыҷқәа, аҭаацәа, бызшәарацәала иҟаҵаз аматериалқәа, авидео, асоциалтә ҳақәа, иара убас аинновациатә, аинтерактивтә платформақәа рыбзоурала.

Ачымазара ҿкы анырра бааԥс ҟанаҵеит миллионҩыла ахәыҷқәеи аҭаацәеи рыԥсҭазаараҟны. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны ИУНИСЕФ ацхыраара рнаҭоит арегион зегь аҟны инхо ахәыҷқәа.

Азхьарԥшқәа аредакциазура