Ииаҵәоу аполитика — ари политикатә идеологиоуп, иара ззырхоу зекологиа ҭышәынтәалоу аилазаара аԥҵара ауп. Ииаҵәоу аполитика апринцип хадақәа иреиуоуп енваиронментализм, ақәымчымра, асоциалтә иашареи жәлар рдемократиеи. Ас еиԥш аполитика ашьақәгылара иалагеит 1970-тәи ашықәсқәа рзы, иахьатәи аамҭазы «аиаҵәақәа» рхатәы партиақәа аԥырҵеит акыр адунеи атәылақәа рҟны, ралхыҩцәа рыбжьара даара ақәҿиарақәа рыманы иҟоуп.

Апринцип хадақәа аредакциазура

Британиатәи аиаҵәақәа ирылоу Дерек Уолл (англ. Derek Wall) игәаанагара ала, дара рпартиа иалнакаауеит ихадароу ԥшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа алахәылацәа.

  • аекологиа;
  • асоциалтә иашара;
  • жәлар рдемократиа;
  • ақәымчымра.

1984 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны арҭ ахырхарҭақәа ырҭбаан ихадароу аҵакы змоу даҽа жәа-хырхарҭак рыла, хыхь иаагоу рнаҩс, уахь иалалеит:

  • аизакра;
  • аекономикатә ҳәааркра;
  • апатриархалтәнаӡатәи ҵакы;
  • ахкеиԥшымзаара ҳаҭыр ақәҵара;
  • аглобалтә ҭакԥхықәра;
  • ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азхьаԥшра.

2001 шықәса рзы, Аглобалтә иаҵәақәа анцәырҵ, Аглобалтә иаҵәақәа Рхартиа даҽа ф- принципк аланагалеит:

  • аекологиатә хдырра;
  • асоциалтә иашара;
  • апартисипативтә демократиа;
  • ақәымчымра;
  • аекологиатә ҭышәынтәалара;
  • ахкырацәара пату ақәҵара.

Ииаҵәоу аполитика аредакциазура

Аполитикатә термин «ииаҵәоу» Германиа ицәырҵит (нем. Grün) 1970-тәи ашықәсқәа рзы, аекологиа ахырхарҭа змаз апартиақәа ралианс иабзоураны. Альтернативтә хьӡны Европа иара убасгьы рхы иадырхәон атермин «аполитикатә екологиа», аха анаҩс уи аполитикатә ҵакы ацәыӡит, анаукатә хырхарҭа мацара аанаго иалагеит.

Ииаҵәоу аполитика адгылаҩцәа акыр аидеиақәа еицеиҩыршоит, урҭ, ҳәарада, зегьы аекологиа, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара, енваироментализм, афеминизм, апофицизм реиԥш иҟоу аилыркаақәа роуп. Жәлар рымчреи аекологиеи рызҵаарақәа рнаҩс, ииаҵәоу аполитика ауаажәларратә хақәиҭра, асоциалтә иашара, ақәымчымра, иналак-аалакны алокализм уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәагьы ирызхьаԥшуеит, аха иааизакны апрогрессивизм иазааиуеит. Уи иалнаршоит аиаҵәақәа рпартиа арымаратәи аидеологиа адгылаҩцәа рыдыԥхьалара. Аиаҵәақәа рполитика, иара убасгьы, егьырҭ аекологиатә партиақәа ридеологиақәеи иареи аимадара рыбжьоуп, уахь иаҵанакуеит аекосоциализм, аекоанархизм, аекофеминизм. Ус шакәугьы, арҭ аполитикатә еилкаарақәа аиаҵәақәа рпартиа адкыларазы еиуеиԥшым агәаанагарақәа аҭыԥ рымоуп. Аиаҵәақәа рполитика арымаратәи идеологиак аҳасаб ала аҿиара аиуа ианалага инаркны ицәырҵуа иалагеит арыӷьаратәиқәа рыбжьара антиподқәа. Дара, иааизакны иуҳәозар, еиҿагылоз аполитикатә дунеихәаԥшышьақәа шрымазгьы, арҭ аҵысрақәа ируасхырхеит, аиаҵәатә консерватизм, аекокапитализм, аекофашизм, иара убасгьы аекологиатә идеиақәа.

Аилыркаара аредакциазура

«Ииаҵәоу» апартиақәеи «аиаҵәақәа» рпартиеи рыбжьара аиԥшымзаарақәа ыҟоуп. Иарбан партиазаалакгьы, фракциазаалакгьы, мамзаргьы политикак «ииаҵәақәоу» ҳәа иазгәаҭазар рыӡбахә ҳәатәуп аекологиатә мзызқәа. Даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, формалла иаԥҵоу аиаҵәақәа рпартиа иаку, ирзеиԥшу идеологиак иқәныҟәозар алшоит, уи иаанагом иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара мацара ауп ҳәа уахь иаҵанакуа, уахь иаҵанакыр ауеит егьырҭ ауадаҩрақәагьы — асоциалтә иашамра, аколлегиалтә ӡбамҭа адкылара, апоцифизм.

Аиаҵәақәа ргәаанагара ала, арҭ азҵаарақәа дара рыԥсабаратә хылҵшьҭрала еидҳәалоуп, урҭ адунеи зегь аҟны аҭынчра иашьаҭоуп. Хыхь зыӡбахә ҳәоу азы еицырдыруа акоуп ихадароу ԥшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа абзоурала. Аиаҵәақәа рыглобалтә хартиа анапхгараҭаратә принципқәа фба, урҭ иреиуоуп: аекологиатә ҟәыӷара, асоциалтә иашара зҵазкуа, адемократиа иалахәу, ақәымчымра, иҭышәынтәалоу аҿиара, насгьы аиԥшымзаара ҳаҭыр ақәызҵо роуп.

«Аиаҵәақәа» рпартиақәа адунеи аҟны аредакциазура

«Аиаҵәақәа» убри аҟара ахаҿырацәара рымоуп, дара реиԥшымзаара иуадаҩу аҩныҵҟатәи аконфликтқәа рахь ицәырыргоит. Аполитикцәа мацара рыӡбахә ҳҳәозар, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, икоммерциатәыми, аԥшьгаратәи гәыԥқәа аламҵакәан, «аиаҵәақәа» рхеидкыла ҩ-ган бзиак рымоуп. Дара еиԥшымзаара хадақәас ирымоу, рыхәҭак аполитика еиҳа иагәыланахаланы иахьыҟоу, насгьы рус хада асоциалтә иашара ашьақәыргылара иахьазку, аҩбатәи ахәҭа иаҵанакуа ракәзар, урҭ аекологиатәи, аԥсабарахьчаратәи проблемақәа еиҳа иахьрызхьаԥшуа.

Германиа аус ауеит зегь реиҳа адунеи аҟны иаарылукаартә иҟоу «аиаҵәақәа» рпартиа. Ари апартиа акоалициатә еиҳара иалоуп, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, мамзаргьы Аԥсабарахьчара аминистр ари апартиа иалҵыз роуп. Арҭқәа ирыбзоураны «аиаҵәақәа» алшара рымоуп рекологиатә проектқәа раларҵәаразы, убри аан ҭынч егьырҭ аполитикатә мчрақәеи дареи реизыҟазааразы. «Аиаҵәақәа» акыр аихьӡарақәа рымоуп Финлиандиа, Франциа, Италиа, Бельгиа уҳәа реиԥш иҟоу атәылақәа рҟны — урҭ асоциал-демократцәеи дареи коалициак иалоуп. Австралиеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рҟынгьы аекологиатә традициақәа даара иӷәӷәоуп, аха араатәи «аиаҵәақәа» аполитикатә аренақәа рҟны иааира дуқәак рзымгеит. Иҳәатәуп убасгьы, «аиаҵәақәа» реихьӡарақәа шрыдҳәалоу дара ридеиақәа мраҭашәаратәи атәылақәа рекономика анырра ӷәӷәа ахьарҭаз. Дара ирыбзоураны афымцахьчаратә ргылара аиндустриа аира алыршан, еиуеиԥшым аалыҵқәа аԥсҭазаара ҿыц еиҭарыҭан, абылтәы, афымца уҳәа раԥҵаразы аиндустриақәа аԥҵан.

«Аиаҵәақәа» ирыбзоуроуп зекологиа цқьоу аалыҵқәа рҭыжьра, иаҳҳәозар, Германиа ишьақәыргылаз аекологиатә нормақәа ршәагаа ашьақәыргылара иабзоураны анемец қалақьқәа рҟны аҳауа еиҳа ицқьахеит, ауаажәларратә транспорт арныҟәара иабзоураны апробкақәа маҷхеит.

Аиаҵәақәа рполитикатә партиақәа ааԥхьара ҟарҵоит асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаԥгаразы, аԥсабаратә ресурсқәа цәгьашақә рхархәара аанкыларазы. Ас еиԥш ааԥхьара ҟазҵо рахь иаҵанакуеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаара Гринпис еиԥш иҟоуи, егьырҭ аиаҵәақәа рпартиақәеи:

Аполитика аҟны ииаҵәоу аԥшшәы аҵакы аредакциазура

Мысра аиаҵәа, мамзаргьы ашьацԥшшәы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Византиатәи аимпериа ахаан аахыс, иара аԥсҭазаара, аҿиара, аизҳара, ахақәиҭра уҳәа ирыԥшшәны иԥхьаӡан, аамҭак анаҩс апартиа «Мысразегьтәи асоциалисттә ҵысра» иаԥшшәхеит. Убриаан иазгәаҭатәуп ари аԥшшәы адунеи зегьы аҟны анеитралитети аҭынчреи уҳәа рыԥшшәны ишырыԥхьаӡо. Ҿырԥштәыс иаагозар, «ацәаҳәа иаҵәа» Кипри Беирути, аҩажәатәи ашәышықәса 60-тәии 90-тәии ашықәсқәа рзтәи атерминалогиа ала анеитралтә цәаҳәа аанагон. Иахьа акәзар, «аиаҵәақәа» анырҳәо ари, зегь раԥхьа иргыланы, ауаҩы ихаҿы иааиуа аекологиатә ҵысрақәеи апартиақәеи роуп, даҽакала иуҳәозар, ашьацԥшшәы — аԥсҭазаара, насгьы агармониатә ҿиара иаԥшшәны иԥхьаӡоуп.

«Аиаҵәа» аидеиа аредакциазура

Ирҳәоит аҿара иаҵәоуп ҳәа. Ари аҭагылазаашьа аҟны ас еиԥш ажәеицааира даара ианаалоит. Уи зыхҟьо «аиаҵәақәа» апрогрессивтә ҿар иахьрылҵыз ауп. Урҭ рпрограммақәеи русқәеи, еиҳаракгьы ҿыц аԥшьгарақәа раан, 60-тәи ашықәсқәа рзы абунтартә ҟазшьа рнубаалон.

Арҭ ашықәсқәа рзы Германиа аҿар активла рабшьҭрақәа акритика рзыруан, афашизм аҿаасҭарақәа ахьаԥдмырҟәҟәааз азы, аибашьра ашьҭахьгьы дара «Ахԥатәи ареих аимшьҭра» изацәцомызт. Ари ахырхарҭаҟны иалкаахаз анемец студентцәа рсоциалисттә Хеилак аԥхьагылас дыҟан Руди Дучке, иара иакәхеит анаҩсан «аиаҵәақәа» рпартиа аԥҵаҩысгьы иҟалаз. Иџьашьатәӡам ари апартиа «анти» шацыз: анти-идеологиатә, анти-тоталитартә, џьара-џьара анти-партиатә.

«Аиаҵәақәа» рпартиа аԥҵара ала, аполитикатә система аҟны иалкаан, арымарахьтәиқәа — «аџьа», арыӷьарахьтәиқәа — «акапитал» ҳәа, уи ала авектор ҿыц, аҵак ҿыц цәырҵит. Уи шьақәзыргылоз идеиа хадахеит ачҳара. Анемеццәа роуп «аиаҵәақәа» рпринцип хадақәа раԥхьаӡа акәны иалызкааз. Уи иахьӡын «Четыре столпа Зеленой партии». Аекологиа, аекологиатә ҟәыӷара, арҭқәа «аиаҵәақәа» рполитикатә программа ахәҭақәак ракәын. Уи анаҩсгьы, апартиа иаҵанакуан асоциалтә иашара, ақәымчымра, аҭынч ргылара, аглобалтә шәарҭадара аԥызҵоз, насгьы апартисипативтә демократиа.

Аҵыхәтәантәи ажәеицааира дарбанызаалак даршәар алшоит, аха аусқәа ус иҟам, апартисипативтә демократиа ҳәа иԥхьаӡоуп «атәылауаа зегьы рдунеихәаԥшышьа аарԥшра ахьрылшо, насгьы аекологиатә, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, дара рыԥсҭазаара иахьыԥшу аӡбамҭақәа рыдкылара».

Аамҭак анаҩс, «аиаҵәақәа» егьырҭ атәылақәа рҟны ари асиа хадырҭәааит абас еиԥш иҟоу аилыркаарақәа рыла, аҭышәынтәалара, мамзаргьы иҭышәынтәалоу аҿиара, аиԥшымзаара, аҳаҭырқәҵара. Арҭ апринципқәа «аԥсабара ахаҭа ҳамҭас иҟанаҵаз», аӡәы зынӡа иԥсабаратәым ҳәагьы иԥхьаӡар алшоит. Избанзар, урҭ ргәаанагара ала, ақәымчрада аԥсабара ухахьы иузаагом, апартисипативтә демократиа акәзар, уи аҵакы абнатә ԥстәқәа зынӡагьы ирзеилкаауам. Егьа ус акәзаргьы, аԥсабара даара еиҷаҳарала азныҟәара — «аиаҵәақәа» иузрымхуам.

Ишыҟазаалак, «аиаҵәақәа» рҵысра азы аҭҵааҩцәа гәаанагарак иазааит, дара идеологиатә базак рымам. «Аиаҵәақәа» ирҳәо аидеиақәа ракәзар, еиҳа ииашан ицәаҩашәоу принципқәоуп ҳәа рызҳәара, абра иазгәаҭатәуп урҭ апринципқәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа ишрыцеиҩыршо.

Гринпис аредакциазура

1971 шықәса рзы ирацәаҩымыз активистцәақәак ргәыԥ, адунеи еибашьрадеи қәымчрадеи аҟазаара згәы азыҳәоз, идуцәамыз аԥсыӡкыга аӷба ала канадатәи ақалақь Ванкувер аҟынтәи ӡсара ицеит. Аибашьра иаҿагылоз аҵысра активистцәа, анаҩс Greenpeace аԥҵаҩцәас иҟалаз, агәра ргон, ирацәаҩымкәан ауаа ишрылшо рпланета азын акыр ихәарҭоу аусқәа рыҟаҵара. Аԥхьаҟа ус иагьыҟалеит. Иахьа Гринпис аофисқәа ыҟоуп Мрагыларатәи Азиа, Латинтәи Америка, Европа, Аҩадатәи Америка, Африка, Австралиеи Океаниеи, урҭ ирыбзоураны Гринпис иалоу ирылшоит аглобалтә ҳаракыра аҟны адунеитә проблемақәа рыӡбара.

Гринпис акоммерциатә еилазаарақәеи аиҳабыреи ирхьыԥшым, иара иамам еснагьтәи аҩызцәа, мамзаргьы аӷацәа. Гринписаа апланета аресурсқәа рхархәаразы ирыԥшаауеит, насгьы иҭарыҩуеит, иркьыԥхьуеит аексперттә информациа. Гринпис анаукатә центр аԥҵоуп ақалақь Ексетер (Британиа Ду) иҟоу ауниверситет аҟны, насгьы анаука-ҭҵааратә дгылара рзыҟанаҵоит адунеи зегьы аҟнытә апроектқәа.

Гринпис аус рыцнауеит атәылақәа реиҳабыреи жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿкаарақәеи (ООН, ЕС, ЕАЭС). Ари аиҿкаара Урыстәылатәи аҟәша адиректор, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаԥҵоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Ахеилак далоуп.

Гринпис аофисқәа адунеи аҟны аредакциазура

Гринпис амилаҭтә офисқәа аартуп адунеи 43 тәыла рҟны, дара аӡәы ихьыԥшым, аус руеит рмилаҭтә проектқәа рынагӡаразы. Ас еиԥш аҟәшақәа напхгаҩцәас анагӡаратә директорцәа рымоуп. Иаку аполитика, насгьы жәларбжьаратәи апроектқәа рыстратегиа, есышықәсатәи анагӡаратә директорцәа злахәу Гринпис аиԥылараҿы ирылацәажәоит.

Еиуеиԥшым апериодқәа рзы Гринпис еиуеиԥшым апроблемақәа ҭнаҵаауан, урҭ ауаажәларра азхьаԥшыртә иҟанаҵон. Иаҳҳәозар, аиадертә ԥышәарақәа ирҿагылаз акомпаниа 25 шықәса имҩаԥысуан, 1971 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа, иагьхыркәшан Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра ала, уи иазгәанаҭон аиадертә ԥышәарақәа раанкылара. Антарктика ааглыхратә хархәара аҟнытә ахьчаразы Гринпис алахәылацәа иҵааршәыз ацәҳәыраҿы алагер аԥырҵеит. Ари алагер хәышықәса уа иҟан, 1991 шықәса рзы ихыркәшан, 39 тәыла ҩынҩажәи жәаба шықәса ҿҳәарас иаҭаны ари аконтинент аҟны амаденқәа рыԥшаара мап ацәкразы адгылара анарҭа. Антарктика аҵакырадгьыл аӡәгьы итәымкәа иаанхеит, иара ауаатәыҩса зегьы ирмазарахеит.

Гринпис 25 шықәсатәи аусуреи ацхыраареи ирыбзоураны Урыстәыла иаԥҵан аҳәырԥссаррақәа 2, амилаҭтә паркқәа 4, 8 ҵакырадгьылк ИУНЕСКО Адунеизегьтәи аԥсабаратә имшьҭра астатус рыҭан. Гринпис егьырҭ акоммерциатә еиҿкаарақәеи ирыбзоураны аӡиа Баикал зырхәашьуаз ацеллиулоза-қьаадтә комбинат аусура аанкылан, Кавказтәи аҳәырԥссарра аԥсабара лыԥшаах иаԥырхагаз, Шәача аолимпиатә обиектқәа рыргылара аанкылан. Greenpeace хылаԥшра анаҭоит аԥсабарахьчаратә закәанқәа иахәҭоу аҵакырадгьылқәа рыхьчара иазықәԥалартә аҟаҵара, изныкымкәагьы ари азакәан аиҭакрақәа алагалара аԥдырҟәҟәаахьеит, избанзар ус еиԥш аиҭакрақәа аԥсабара ахьчара дырԥсыҽыр алшон. Гринпис ихацнаркыз апроект ала аусура хнаркәшоит иззыԥшу алҵшәақәа ианрызнеилак, мамзаргьы иҟоу апроблема ауаажәларра рҟынӡа ианнаргалак, уи аӡбаразы ауаа анеидгылалак. Уажәы Гринпис аусура даҽа ихадоу ҩ-уск ирзырхоуп – аклимат аԥсахреи абиоеилазаара рацәа аиқәырхареи.

Гринпис шьақәгылоуп атәылауааи ахатәы хаҿқәа ргәыҳалалратә фондқәеи рлагалақәа рыла, иара аҳәынҭқарратәи акоммерциатәи еилазаарақәа, аполитикатә партиақәа рҟнытә аԥарақәа аднакылом. Иара убасгьы, Гринпис ахықәкы азнеиразы изакәызаалак ақәымчра аформақәа ахархәара рынаҭом.

Азхьарԥшқәа аредакциазура