Қарселаӡе, Иракли
Иракли Қарселаӡе (ақырҭ. ირაკლი ქარსელაძე; жәабранмза 28, 1978 ш.) — Қырҭтәыла Арегионалтә ҿиареи аинфраструқтуреи рминистр.
Абиографиа
аредакциазураИара 22 шықәсатәи аусуратә ԥышәа имоуп аҭҵааҩы иаҳасабала инаркны, иреиҳаӡоу аменеџьертә маҵзураҭыԥқәа рҟнынӡа. Аус иухьеит аҳәынҭқарратәи, иҳәынҭқарратәыми, хазхаҭалатәи асекторқәа ирыҵанакәа иреиӷьу амультимилаҭтәи аҭыԥантәии аилахәырақәа рҿы. Идуу аинфраструктуратә проектқәа анапхгара рыҭареи, алогистикеи, аҳәынҭқарратәи жәларбжьаратәи аахәарақәеи, жәларбжьаратәи афинанстә аимакқәеи, идуу аҳәынҭқарратә проектқәа анапхгара рыҭареи аҿы аԥышәа ду имоуп. 2018 шықәса мшаԥы инаркны иахьанӡа, Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистр актәи лхаҭыԥуаҩс, иара убас, Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент ахантәаҩыс дыҟан. 2012 шықәса инаркны аус иуан Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаԥгарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. Аминистр актәи лхаҭыԥуаҩи Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент ахантәаҩи рҭыԥқәа ааникылаанӡа, Қырҭтәыла атуризм аҿиара афонди уи иаҵанакәа аилахәырақәеи рдиректорс дыҟан, аамҭакала, Қырҭтәыла Аицинвестирра афонд абжьагаҩцәа рхеилак дахантәаҩын. Далгеит Иу. Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет - жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа азанааҭ ала. Англызи, анемеци, аурыси абызшәақәа идыруеит.