Ҭаркьыл, Сарион Хыгә-иԥа

Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл (аур. Сарион Хигович Таркил; жьҭаарамза 151936 ш., Дәрыԥшь ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәеи АССРлаҵарамза 262005 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист.

Абиографиа Править

Диит 1936 шықәса цәыббрамза 15 рзы Дәрыԥшь ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы.

1956 шықәсазы дҭалоит А.М.Горки ихьӡ хзу Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, далгоит 1961 шықәсазы. 1966 - 1972 шықәсқәа рзы иҵара наигӡоит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт (латәарада).

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1955 шықәса инаркны. 1989 шықәса раахыс Сарион Ҭаркьыл ажурнал «Амцабз» даредактор хадоуп.

Абиблиографиа Править

  • Ақыҭантә саауеит. Аҟәа, 1965 шықәса.
  • Ицоит апҟақәа халаны. Аҟәа, 1969 шықәса.
  • Аиԥылара. Аҟәа, 1974 шықәса.
  • Иахьатәи амш. Аҟәа, 1979 шықәса.
  • Агәаартра. Аҟәа, 1983 шықәса.
  • Ацәыкәбрақәа рашәа. Аҟәа, 1984 шықәса.
  • Азхара. Аҟәа, 1986 шықәса.

Алитература Править

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 927-928

Азхьарԥшқәа Править