Ҳашԥҳа, Римма Арсен-иԥҳа
Римма Арсен-иԥҳа Ҳашԥҳа (аур. Римма Арсеновна Хашба; абҵарамза 19, 1934 ш., Аҟәа — 2007 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, афольклор аҟәшаҟны ҵарауаҩ.
Абиографиа
аредакциазураДиит Аҟәа, 1934 шықәса абҵарамза 19 рзы. Лыԥсҭазаара далҵит 2007 ш. зы.
1955 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет. Далгоит 1960 шықәсазы.
Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп.
Акыьԥхь аҿы дцәырҵит 1980 шықәса инаркны.
Абиблиографиа
аредакциазура- Абхазский детский фольклор. Аҟәа, 1980 шықәса.
- Ҵи-ҵи, кәа-каа. Аҟәа, 1989 шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 942