Ҵулукиани, Ҭеа
Ҭеа Ҵулукиани (ақырҭ. თეა წულუკიანი; ажьырныҳәамза 21, 1975 ш., Қарҭ) — Қырҭтәыла акультуреи аспорти, аҿари рминистр.
Абиографиа
аредакциазураАҵара
аредакциазура1992 шықәсазы Лионтәи (Франциа) Импер ихьӡ зху алицеи далган, абжьаратә аҵара абакалавр идиплом лоуит афилософиеи алитературеи ахырхарҭала. 1997 шықәсазы Иу. Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи азини жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рфакультет далгеит; 1998 шықәсазы далгеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатиатә академиа. 1997-1998 шықәсқәа рзы аус луан Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адәныҟатәи аполитика аҭҵаареи анализи ацентр аҿы, Алеқсандр Рондели инапхгарала. 1998 шықәсазы Франциа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашкол аҿы аконкурстә ԥышәа лҭиит (ENA), уаҟа Франциа аҳәынҭқарразы иреиҳаӡоу административтә зини иреиҳаӡоу афинанстә зини аӡбаҩцәеи, апрефектцәеи, ацҳаражҳәаҩцәеи, зранг ҳараку егьырҭ аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи иазыҟарҵоит. Аҵара анылҵоз, Ҭеа Ҵулукиани аус луан Ле Манш ақалақь аҿы (мраҭашәаратә Франциа) апрефект икабинет аҿы ақалақь иуадаҩу араионқәа рҿы ауаажәларратә аиҿкаара ахьчареи аҭыԥантәи аҩаӡараҟны аҳәынҭқарратә напхгаратә органқәа русура акоординациеи азҵаарақәа рзы. 2000 шықәсазы далгеит Франциа аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашкол, аҳәынҭқарратә администрациаҿы (MPA) амагистр иҩаӡара ланашьан.
Аусуратә ԥышәа
аредакциазура- 2000 шықәса цәыббразы Европа Ахеилак ала имҩаԥгаз аконкурс абзоурала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара аштаттә усзуҩс (аиурист) дҟалеит.
- 2005 шықәсазы иланашьан аиурист еиҳабы икласстә чин
- 2006 шықәса инаркны, аӡбара арегламенттә комитет далахәын, 2009 шықәса инаркны - аӡбаҩык дызхәаԥшуа аусқәа рзы ажәахәҟаҵаҩыс дҟарҵеит.
- 2010 шықәса жәабран азы лнапынҵақәа шьҭаҵаны, Қырҭтәылаҟа дхынҳәын, аполитикатә партиа „Зхы иақәиҭу адемократцәа" далалеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы апартиа ахантәаҩы ибжьагаҩ лаҳасабала.
- 2012 шықәса жьҭаарамза 1 Наӡаладеви алхратә округ аҟынтә Қырҭтәыла апарламент алахәылас далхын (акаолициа «Ақырҭуа гәахәтәы - адемократиатә Қырҭтәыла»).
- 2012 шықәса жьҭаарамза 25 инаркны 2020 шықәса жьҭаарамза 1-нӡа Қырҭтәыла аиустициа аминистрс дыҟан.
- 2019 шықәса цәыббразы Қырҭтәыла авице-аԥызас дҟарҵеит
- 2020 шықәса жьҭаарамза 31 рзы апарламент алахәылас далырхит, аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи акомитет данапхгаҩын.
- 2021 шықәса хәажәкыра 22 инаркны Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр иҭыԥ аанылкылоит.
Дҭаацәароуп, ахылҵ длымоуп.