Роман Кәатат-иԥа (Контантин-иԥа) Ҷанба (диит жьҭаарамза 101936 ш.) — аҵарауаҩы-аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаажәларратә усзуҩ. Аус иуеит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсураҭҵааратә институт аҿы ҭҵаарадырратә усзуҩыс. Иара иҭҵаарадырратә усумҭақәа ириеиуоуп — «Адгьылқәаарыхреи адгьылтә еизыҟазаашьақәеи Аԥсны ареволиуциа ҟалаанӡа (XIX-XX ашә.)». Роман Кәатат-иԥа Ҷанба Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара даветерануп, дыруаӡәкуп 1977 шықәса рзы СССР аполитикатә наԥхгара ахьӡала иҩыз еицырдыруа Аԥсуа шәҟәы аԥшьгаҩцәеи знапы аҵазҩызи. Аԥсны жәлар р-Форум «Аидгылара» Апрезидиум далахәын, иара убас ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Роман Кәатат-иԥа Ҷанба дреиуан хәажәкырамза 181989 ш. рзы имҩыаԥысыз зықьҩыла ауаа злахәыз Лыхны анзара ду аиҿкааҩцәа, иахьрыдыркылаз иҭоурыхтәу Лыхнытәи Ааԥхьара Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра аиҭашьақәыргыларазы.

Алитература аредакциазура

  • Некоторые вопросы культуры земледелия в Абхазии, Сухуми, 1975.
  • Абхазо-адыгские этнографические паралели, Сухуми, 1980.