Абреџь, Гильда Салиҳ-иԥҳа

Гильда Салиҳ-иԥҳа Абреџь (аур. Гильда Салиховна Абредж; лаҵарамза 291941 ш., Маиҟәаԥ ақ., Адыгеиатәи АО, СССР) — Аедыгь шәҟәыҩҩы, арҵаҩы.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1941 шықәса лаҵарамза 29 рзы Маиҟәаԥ ақалақь, Адыгеиатәи Автономтә Област.

Маиҟәаԥтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит англыз бызшәа арҵаҩы изанааҭ ала.

Аԥсныҟны дааит даҽа асовет аамҭазы. Акыр шықәса инеиԥынкыланы дынхон, аус луан Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблан. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь дынхоит Гагра ақалақь агәы аҟны.[1]

Лҩымҭақәа анылахьеит альманах «Литературная Абхазия».

2003 шықәса аахыс Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыләи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи далоуп. Дыҩуеит урысшәала.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Акварель детства. Ановеллақәа рышәҟәы. М., 1995; Вечность учит терпению. Аповест. Аҟәа, 2010. (Google ашәҟәқәа)

Азхьарԥшқәа аредакциазура

Азгәаҭақәа аредакциазура