Адианԥҳа, Нино Гьаргь-иԥҳа

Аҳкәажә Нино Гьаргь-иԥҳа Адианԥҳа, зыӡӷабжәлоу Багратионԥҳа (аур. Нино Георгиевна Дадиани, ақырҭ. ნინო ბაგრატიონ-დადიანი; мшаԥымза 151772 ш. Қарҭлаҵарамза 311847 ш. Санкт-Петербург[1]) — астатс-ҭыԥҳауп, аҽыуаҩ ԥҳәысуп, Гыртәыла аҳ Гьаргәал Адиан иԥҳәыс, аҵыхәтәантәи Қырҭтәыла аҳ Гьаргь XII-тәи иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажә Қьаҭауан Папуа-иԥҳа Андроникашвили рыԥҳа.

Аҳәынҭқарԥҳәыс Нино
Нина Адианԥҳа
Нино Гьаргь-иԥҳа Багратионԥҳа
Аҳәынқарԥҳәыс, Гыртәыла арегент
Амаҵураҭыԥ ахь:
1804 – 1820
Аԥхьа иҟаз Гьаргәал Адиан
Аҭынха Леуан V Адиан


Аира мшаԥымза 151772 ш.
Қарҭ, Карҭли-Қахеҭтәи аҳра
Аԥсра лаҵарамза 311847 ш.
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи аимпериа
Аԥсыжра аҭыԥ Алықьсандр-Неватәи аберҭыԥхада
Атәылауаҩра Қырҭтәыла
Ахаҵа Гьаргәал Адиан
Ани аби Гьаргь VII Багратион
Қьаҭауан Андроникашвили
Ахәыҷқәа

Аԥҳацәа: Қьаҭауан, Мариа, Елена, Екатерина.

Аԥацәа: Леуан V, Гьыргәал.
Аусура афроилианԥҳәыс, статс-ҭыԥҳа.

Абиографиа

аредакциазура

Нино (аурыс традициала Нина) диит мшаԥымза 15, 1772 шықәсазы Қарҭ, Қарҭли-Қахеҭтәи аҳраҟны. Жәаф шықәса данырҭагылаз Агыртәыла анапхгаҩы Гьаргәал (агыруа традициала Григол) Адиан ԥҳәысс дигеит.

1803 шықәсазы ԥхынҷкәынымза 1 аҽны, лхаҵа аурыс аимператор аҭоуба аниҭа ашьҭахь, аҳкәажә Адианԥҳа Иреиҳаӡоу аҳамҭа лоуит – алымчцәеи аҟаԥшьыхәаҵәатәи акадифа 10-ҟа аршьыни. Аурыс ҳадара иаразнак еилыркааит лара амчхара бзи збо уаҩ шлакәу. Аурыс аинралцәа рысалам шәҟәқәа рҿы лара илыхцәажәоит "аичарчаҩ дуӡӡа" лаҳасабла.

1804 шықәсазы жьҭаарамза 24 рзы иаалырҟьаны дыԥсит аҳ (агыруа традициала мҭавари) Гьаргәал Адиан. Иҟоуп атеориа, иԥҳәыс ашҳам лҭеиҵеит ҳәа. Лхаҵа данԥсы ашьҭахь, лԥа Леуан ихәыҷраан, лара лакәын атәыла напхгара азҭоз, Леуан ианизҳа, Санкт-Петербургҟа илыԥхьеит, уа лыԥсҭазаара иаанхаз ашықәсқәа лхылгеит, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

1806 шықәсазы маи 12 рзы Нино Гьаргь-иԥҳа Аԥшьа Екатерина лыхьӡ зху Аџьар Ду аорден ланашьан.[2]

Лара лоуп, лыцәгьаршрақәа ирыбзоураны, аӡәырҩы ашьхаруааи Урыстәыла аҳәынҭқар аиҳабыра рхаҭарнакцәеи рыбжьара арратә еидысларақәа ахара здуны иҟалаз. Лара иҟалҵоз апровокациақәа ирыхҟьаны, аиҿагылараҿы иҭахеит зықьҩыла аԥсуа шьхарыуаа, Урыстәылатәи аимпериа аурыс еибашьцәа. Лаҵарамза 2, 1808 лара иҟалҵаз аичырчарақәа ирыхҟьаны, бџьарлатәи ажәылара иахҟьаны, Аҟәатәи абааҿы дҭахеит Аԥсны аҳ Қьалышь-беи Чачба. Еиуеиԥшым аганқәа рыла лара лыцәгьаршратә усқәа Кавказтәи аибашьра зегьы (1817-1864) иҽеимкәа ианыруан, уи иахҟьаны жәаа-нызқьҩыла ашьхаруааи аурысцәеи ҭахеит.

Лаҵарамза 31 1847 шықәсазы аҳкәажә Нино Санкт-Петербургаҿ дыԥсоит, анышә дамадоуп Аԥшьа Ауахәамаҿы. Иуана Ахьҿа ихьӡ зху Алықьсанр-Неватә абеирҭыԥхада аҩныҵҟа.

Нино Гьаргь-иԥҳа Багратионԥҳа ԥҳәысс дигеит Гьыргәал. Аҭаҳцәараҿ иит:

  • Адианԥҳа Қьаҭауан (1792 - 1840 нӡа), аҳкәажә, раԥхьатәи лхаҵа Мырзаҟан анапхгаҩы, аҭауад Манча Салуман-иԥа Чачба (? - 1813), аҩбатәны (1823 инаркны) - аԥсуа аҳиԥа Росҭом-беи Қьалышь-беи-иԥа Чачба;
  • Леуан V (1793-1846), Гыртәыла аҳ (1804-1846);
  • Адианԥҳа Мариа (1794-?), аҳкәажә, раԥхьатәи лыҭаацәараҿы аҭауад Гьаргь Дауҭ-иԥа Арсҭаа (Гәриатәи), аҩбатәны ԥҳәысс дигеит аҭауад Росҭом Бери-иԥа Геловани;
  • Адианԥҳа Елена (1795—?), аҳкәажә, раԥхьатәи лхаҵа Дауҭ Гьаргь-иԥа Гурели, аҩбатәи лхаҵа Гьаргь Леуан-иԥа Микелаӡе;
  • Адианԥҳа Екатерина (1797—?), аҳкәажә, ԥҳәысс диман аҭауад Беглар Заал-иԥа Џьамбакуриан-Орбелиани;
  • Адиан Гьыргәал (Гьаргь) (1798 - 1851 ашьҭахь), аҳиԥа, аинрал-маиор. Уи ԥҳәысс диман аграфԥҳәыс Елизавета Павл-иԥҳа фон дер Пален, ахшара имаӡамызт.

Ахархәара змоу алитература

аредакциазура

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. ЦГИА СПб. ф.19. оп.124. д.701. с. 510. Метрические книги Пантелеимоновской церкви.
  2. Исторический обзор Ордена Св. Великомученицы Екатерины или ордена Освобождения // Придворный календарь на 1824 год.- ад. 12.