Гьыргәал (Григол) Кац-иԥа Адиан – Гыртәыла аҳ (мҭавари) (1788 инаркны, аԥырҟәҟәаарақәа рыла).

Гьыргәал I Адиан
გრიგოლ დადიანი
Гыртәыла аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1788 – жьҭаарамза 241804 ш.
Аԥхьа иҟаз Кац II Адиан
Аҭынха Леуан V Адиан


Аира  1770
Гыртәыла аҳра
Аԥсра жьҭаарамза 241804 ш.
Жәыргьыҭ, Гыртәыла аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Марҭвилтәи аныхабааш
Аԥҳәыс Нино Багратионԥҳа
Ани аби Кац II Адиан аҳкәажә Анна Ҵулукиӡе
Ахәыҷқәа

Аԥацәа: Леуан V , Гьаргь.

Аԥҳацәа: Мариа, Екатерина, Елена, Қьаҭауан.
Ажәла Адиан

Гыртәыла аҳра зуаз аҳ Кац II Адиани иара иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажә Анна Пааҭ-иԥҳа Ҵулукиӡеи рыҷкәын.

1803 ашықәс азы Гьыргәалеи, Лечхәымтәи апровинциа ампыҵахалара згәы иҭаз, Имереҭтәи аҳ Салумани иареи аимак рыбжьалеит. Имереҭтәи аҳи, аԥсуа аҳи ихы иақәиҭны ииԥырҵырц алшара имбаӡакәа, Гьыргәал ацхыраара даҳәеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ԥыхьатәи Қырҭтәылатәи аҳра (Қарҭли-Кахети) аҿы губернаторс иҟаҵаз аинрал Цицианов иахь, насгьы ацхыраара диҳәеит Гыртәыла Урыстәыла иадларц азы. 1803 шықә-са ԥхынҷкәынымза 4 аҽны Урыстәыла дизиашаны дшыҟоу азы аҭоуба ҟаиҵеит, насгьы аинрал-маиор ичын, Аԥшьа Алықьсандр Неватәи иорден азы апатент иоуит. Анаҩс иара иоуит Иреиҳаӡоу Ахьтәы шьақәырӷәӷәага, инвеститура аазырԥшуа, сардал ҳәа атитул, даҽакала иуҳәозар, Гыртәы-ла ар рхада, аҳәынҭқарратә бираҟ (амчра адырга), абриллиантқәа рыла иқәыԥсоу асабра. Иара иааникылеит атәыла аҩныҵҟатәи анапхгареи атәылауаҩратә ӡбареи. 1804 шықәсазы цәыббрамза 27 азы, Иреиҳаӡоу Арескрипт ашьҭахь, Гыртәыла артиллериатә ҟәыра абжаки Белевски Иегер аполк рыла иааныркылеит, уи аҳ Салуман Адиан аҟынтәи Лечхәымтәи апровинциа импыҵахалара алшара ицәыӡит.

Шықәсыкгьы мҵыцкәа (1804 шықәсазы жьҭаара 24) Гьыргәал дыԥсит. Аӡәырҩы ргәы иаанагоит Салуман II иааишьҭыз ашьцәа шҳамла дыршьит ҳәа. Даҽа версиак ала, иԥҳәыс ачырчаҩ Нино Багратионԥҳа ашҳам илҭеит ҳәа, уи ашьҭахь аҭынха қәыԥш изы регентс дҟалеит.

 
Гьыргәал Адиан иԥҳәыс – аҳкәажә Нино Гьаргь-иԥҳа Багратионԥҳа.

Гьыргәал ԥҳәысс дигеит аҳкәажә Нино Гьаргь-иԥҳа Багратионԥҳа, Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи аҳ Гьаргь XII иԥҳа. Лхаҵа данԥсы ашьҭахь, лԥа Леуан иқәра наӡаанӡа, ирегентс дыԥхьаӡан. Аҭаҳцәараҿ иит:

  • Адианԥҳа Қьаҭауан (1792 - 1823 ашьҭахь), аҳкәажә, раԥхьатәи лхаҵа Мырзаҟан анапхгаҩы, аҭауад Манча Салуман-иԥа Чачба (? - 1813), аҩбатәны (1823 инаркны) - аԥсуа аҳиԥа Росҭом-беи Қьалышь-беи-иԥа Чачба;
  • Леуан V (1793-1846), Гыртәыла аҳ (1804-1846);
  • Адианԥҳа Мариа (1794-?), аҳкәажә, раԥхьатәи лыҭаацәараҿы аҭауад Гьаргь Дауҭ-иԥа Арсҭаа (Гәриатәи), аҩбатәны ԥҳәысс дигеит аҭауад Росҭом Бери-иԥа Геловани;
  • Адианԥҳа Елена (1795—?), аҳкәажә, раԥхьатәи лхаҵа Дауҭ Гьаргь-иԥа Гурели, аҩбатәи лхаҵа Гьаргь Леуан-иԥа Микелаӡе;
  • Адианԥҳа Екатерина (1797—?), аҳкәажә, ԥҳәысс диман аҭауад Беглар Заал-иԥа Џьамбакуриан-Орбелиани;
  • Адиан Гьыргәал (Гьаргь) (1798 - 1851 ашьҭахь), аҳиԥа, аинрал-маиор. Уи ԥҳәысс диман аграфԥҳәыс Елизавета Павл-иԥҳа фон дер Пален, ахшара имаӡамызт.

Иҳараку аграмота Гьыргәал Адиан изы, 1804 шықәсазы ԥхынгәы 4 аҽны..