Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс

Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс (ақырҭ. ალახაძის ეკლესიების კომპლექსი) — Аԥсны Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп VI-VII ашәышықәсазы. Акомплекс ахәы иқәгылоуп. Архитектуратә комплекс иалоуп 3 нефки 3 апсидаки змоу ауахәама хәыҷи, насгьы, 3 нефки абжьыркцатә апсидеи змоу абазилика дуи. Ауахәама ду аҟынтә иаанхеит аладатәи мраҭашәаратәи аҭӡамцқәа рфрагментқәа. Ауахәама аҳаштә блокқәа рыла иргылоуп, урҭ рыбжьара акьырмыти аԥслымӡхаҳәи рҽеиҭныԥсахлоит. Аныҳәарҭа дууп, азал 3 нефк рыла ишоуп. Аҩада-мраҭашәарала, 5 метрак иацәыхараны иҟоуп ауахәама хәыҷы ахыжәжәарақәа. Уигьы аҳаштә блокқәа ирылхуп, иара убас, аргылараан ахархәара рыман ихыу аԥслымӡхаҳә иалху аҳәаҟьа дуқәеи, уааҵәҟьа иҟаҵаз ақьырмыти, ахаҳәкәымпылқәеи. Ауахәамақәа рхыбразы ахархәара аман акрамит 2 хкык - иҟьаԥсу, иара убас, иҭырҿҿоу акрамит. Ауахәамақәа IV-VI ашәышықәсақәа ирыҵаркәеит, аха, аргыларатә маҭәахәқәа ишеижәлантәугьы, асинхронизм алацәажәара уадаҩуп. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы ҳәам.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура