Кәыҵниа, Алхас Алықьса-иԥа

Алхас Алықьса-иԥа Кәыҵниа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Алхас Алықьса-иԥа Кәыҵниа (аур. Алхас Алексеевич Квициниа; рашәарамза 231969 ш., ақыҭа Кәтол, Очамчыра араион) — аԥсуа политик.

Кәыҵниа, Алхас Алықьса-иԥа


Абиографиа

аредакциазура

Диит рашәарамза 23, 1969 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан; 1986 ш. далгеит Аҟәатәи ажәабатәи ашьхырыуаа рышкол; 1986-1988 шш. Кындыӷтәи ачаифабрика аҟны лаборантс аус иуан; 1988-1990 шш. Асовет ар аҟны аррамаҵзура дахысуан; 1990-2005 шш. Кындыӷтәи ачаифабрикаҿы технологс аус иуан; 1992 ш. рзы далгеит асубтропикатә нхамҩа аинститут. аҵарауаҩ - агроном изаанаҭ ала; 2005-2014 шш. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2013-2015 шш. рзы аполитикатә партиа «Амцахара» ацхантәаҩыс дыҟан; 2015 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩыс дыҟоуп; Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын; Ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура