Аџьынџьал, Анатоли Ҭархәына-иԥа

Анатоли Ҭархәына-иԥа Аџьынџьал (аур. Аджинджал Анатолий Тархунович; рашәарамза 61930 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араионабҵарамза 121977 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, поет.

А. Аџьынџьал ипоезиатә ҭынха тематикалеи жанрлеи еиуеиԥшым. Иреиӷьу иажәеинраалақәа рҿы ашәа рзиҳәон идгьыл гәакьеи, Аԥсны аԥсабареи, иуаажәлари. Анатоли Ҭархәына-иԥа ипоезиа иаҷыдаратә ҟазшьоуп жәлар ҿырҳәалатәи рҿаԥыцтә рҿиамҭа абеиара иманшәаланы ахархәара. А.Ҭ. Аџьынџьал еснагь активла ихы алаирхәуан Аԥсны алитературатәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара, далырххьан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара алахәылас.

Абиографиа

аредакциазура

Диит 1930 рашәарамза 6 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1977 абҵарамза 12 рзы. Джуп Кәтол. 1947 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭҟарратә педагогтә училишьче, далгеит 1951 шықәсазы. 1952 шықәсазы даанахәоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогтә институт, далгоит 1956 шықәсазы. 1972 - 1974 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит Москва, А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитератә институт аҿы иҟоу Иреиҳау Алитературатә курсқәа дырхысует.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1948 шықәсазы.

Абиблиографиа

аредакциазура
  • Игәакьоу асахьақәа. Аҟәа, 1957 шықәса.
  • Амҵәыжәҩақәа. Аҟәа, 1959 шықәса.
  • Амҩақәа. Аҟәа, 1965 шықәса.
  • Ацәашьы иаҵәақәа. Аҟәа, 1969 шықәса.
  • Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ. Аҟәа, 1972 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1980 шықәса.
  • «Иалкаау аԥсуа лирика» асериаҿ: Аҟәа, 1984 шықәса

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 920
  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Салакая Ш. Самобытный талант: [к 50-летию со дня рождения А. Аджинджал]//Сов.Абх. - 1980. - 17 декабря.
  • Аджинджал Анатолий Тархунович//Сов.Абх. - 1977. - 16 ноября. - С.3

Азхьарԥшқәа

аредакциазура