Аҷандаратәи адольменқәа
Аҷандаратәи адольменқәа (ақырҭ. აჭანდარის დოლმენები) — ҳ. ҟ. II азқьышықәса I азбжа иаҵанакуа, Аԥсны Аҷандара ақыҭан. 2006 шықәсазы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, адольмен амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа астатус анашьан[1].
Адольменқәа - Аԥсны атерриториа аҟны иаарԥшыз, ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа роуп. Аԥснытәи ажәытәӡатә дольменқәа заатәи аџьаз аамҭа иаҵанакәеит. Урҭ рыргылара иалагеит ҳ.ҟ. III азқьышықәса II аҩбатәи азбжазы. Усҟан Аԥсны идыргылоз адольменқәа усҟак идуумыз иҭшәаз аргыламҭақәан. Абжьаратә аџьаз аамҭа (ҳ.ҟ. II азқьышықәса I азбжа) иаҵанакәа адольменқәа иаҳа идууп, иаҳа еиӷьны иргылоуп. Аԥснытәи адольменқәа хагәҵәыла ишьақәыргылоу ԥшьба-ԥшьба идуу ахаҳә ҟьаԥсқәа ирылхуп, абри аҩызаҵәҟьа ахаҳәла ихыбуп (хаҳәқәак 50 тонна иакапануеит). Дольменқәак рыҩнуҵҟа ахаҳәҟьаԥс иалху адашьмагьы иҟоуп. Аԥснытәи адольменқәа атрапециа афома рымоуп. Ишаԥу ала, аԥхьатәи аҭӡамц ҭбаа аладахьала ма алада-мрагыларахьала иргылоуп, 0,4 м. адиаметр змоу акылҳара амоуп, уи ахаҳәтә рыԥҵә ала иадыркуан. Адәахьала аҭӡамцқәа иаарыкәыршаны ахаҳә дуқәа шьҭоуп.
Аԥсыбаҩқәа рыдагьы, адольменқәа рҿы аарԥшуп аџьаз иалху аихақәа, еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, акерамика.
Уажәазы адольменқәа реиҳара хылаԥшрада иҟоуп. Адольменқәа рекспонатқәак Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп.
Азхьарԥшқәа
аредакциазураАзгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-30 шықәсазы.