Шамил Омар-иԥа Аӡынба (аур. Шамиль Омарович Адзынба; лаҵарамза 211970 ш., Баҭым, Аҷаратәи АССР) — аԥсуа политик.

Аӡынба, Шамил Омар-иԥа

Аполитикатә партиа
Алахәылара Партия экономического развития Абхазии

Аира лаҵарамза 21, 1970 ш. (53 ш.)
Баҭым
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра,
Қырҭтәыла
Аусура аполитик
Анашьамҭақәа Аԥсны Афырхаҵа

Абиографиа аредакциазура

Диит лаҵарамза 21, 1970 шықәсазы Аџьариатәи АССР, Баҭым ақалақь аҿы; 1987 ш. далгеит Баҭымтәи абжьаратә аурыс школ №25; 1987-1988 шш. аус иуан Баҭымтәи ахимиа-фармацевттә зауад аҿы усуҩыс; 1988-1990 шш. СССР арбџьармчқәа рҿы дахысуан аррамҵзура; 1990 ш. дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зындырратә факультет, дагьалгеит 1997 шықәсазы «азинҭҵааҩ» изаанаҭ ала: Аԥсны Жәлар Рџьынџылатә еибашьраан акәылӡтәтехника агәыԥ далан. Ианашьоуп «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа ахьӡ; 1994 ш. инаркны ашьампыламылтә клуб «Абазг» еиҳабыс дыҟан; 1996 ш. Аҟәатәи алагаратә зауад акомерциатә директорс дыҟан; 1996-2005 шш. абизнеси, ашьампылампылтә клуб «Абазг» арҿиареи инапы рылакын; Мшаԥымза 2005 ш. инаркны Аҿари аспорти русқәа рзы аъәнҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан; Цәыббрамза 2005 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада хылаԥшра ззиуаз Аҿартә политиказы аидгыла дахантәаҩхеит; Нанҳәамза 26, 2011 ш. имҩапысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы, Ахада ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дыҟан; 2011-2014 шш. ашьампылампылтә клуб «Абазг» деиҳабын; Жьҭаарамза 2014 ш. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс даҭан; Цәыббрамза 2016 ш. хатәгәаԥхарала имаҵура ааныжьыт; 2016 ш. дҭалеит РАНХиГС амагистратура «Аҳәынҭқарратәи амуниципалтә усбарҭа» афакультет, аҵара хиркәшеит диплом ҟаԥшьыла 2019 шықәсазы. Ажьырныхәамза 21, 2017 шықәсазы аинициативтә гәыԥ аԥшьгарала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь кандидатс ашәҟәы дҭагалан.

Азхьарԥшқәа аредакциазура