Баслатәи ацҳа
Баслатәи ацҳа, Ҭамар лыцҳа (ақырҭ. ბესლეთის ხიდი, თამარის ხიდი) — Аԥсны XI-XII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа культура аматериалтә баҟа, Аҟәа, Басла аӡиас аҟны иҟоу, бжьашшарак змоу ахыргьагьатә ацҳауп. Ацҳа 35 м. ауреи 8 м. аҳаракыреи амоуп. Аҳаши ахаҳәқәеи рыла иргылоуп. Аганахьала иҟоу ахаҳәҟьаԥс иануп ақырҭуа аҩыра Асомҭаврули анбанқәа. Мраҭашәаратә аганаҿы Асомҭаврули ала адҩыла ҟаҵоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Баслатәи ацҳа амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан[1].
«Ҳазшаз, зегь зымчу… адгьыл аҿгьы жәҩанаҿгьы Аҳ ду Баграт ихьӡ шьҭых.»
|
Адҩылаҿы Қырҭтәыла аҳ Баграт III (978-1014), ма Баграт IV (1027-1072) иӡбахә ҳәоуп.
ԥаса ацҳа авара игылан ашьхаруаа ржәыларақәа рҟынтә ақалақь алаларҭа зыхьчоз абааш. Аҵыхәтәантәи аамҭанӡа ацҳа аханы иаанханы иҟан ақырҭуа текст зныз амонументалтә ахаҳәтә стела. 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы астела иӡит.
Баслатәи ацҳа ирыцқьаны еиҭашьақәыргылатәуп.
Азхьарԥшқәа
аредакциазураАзгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-30 шықәсазы.