Гагратәи ауахәама
Гагратәи ауахәама (ақырҭ. გაგრის ეკლესია) — Аԥсны ақалақь Гагра ауахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Гагратәи ауахәама амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан[1].
Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара
аредакциазураАуахәама VI ашәышықәса иаҵанакәеит. Уи х-нефтк змоу абазилика ауп. Ауахәама имҽыӷны иҿыцәаау аблокқәа рыла иргылоуп. Анышь хада мрагыларахьтә аҩналарҭа амоуп, аладатәи анышь – аноураалатәи аҭӡамц аҟынтә аҩналарҭа амоуп. Аладатәи анышь ауахәама хада иадҳәалоуп ашә хәыҷқәа ҩба рыла. Ашәқәа руакы ала аҩадатәи азал ашҟа ҳнеиуеит, уи мрҭашәаратә аҭӡамц аҿгьы аҩналарҭа амоуп. Ауахәама хада ашҟа алашара иҩналоит аладатәи аҭӡамци, мраҭашәаратәи аҭӡамци, аныҳәарҭеи рҿы иҟоу х-ԥенџьырк рыла. Ауахәама иҩычоуп мраҭашәаратә ашә атимпани аԥенџьыр авареи иҭыху “Болнистәи аџьар” мацарала. Ажәытә Гагратәи ауахәама VI-IX ашәышықәсақәа ирыҵанакәа, Мрагыларатә Қырҭтәыла лассы-лассы иуԥыло абазиликақәа иреиԥшуп.
Уажәтәи аҭагылазаашьа
аредакциазураГагратәи абазилика Қырҭтәыла акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп.
Алитература
аредакциазура- „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015.
- კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში,თბ.,2015
Азгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-30 шықәсазы.