Ганҭиади иҟоу аныхабаа
Ганҭиади иҟоу аныхабаа (ақырҭ. განთიადის ტაძარი) — Аԥсны VI ашәышықәса иаҵанакәа, х-апсидк змоу абазилика ауп, аҳабла Ганҭиади аҟны игылоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ианашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа[1].
Иргылоуп VI ашәышықәса I азбжазы. Аха, VIII-X ашәышықәсақәа рзы изныкымкәа аханатә ирҿыцны идыргылахьан. 1576 шықәсазы, османаа ржәылара аан, аныхабаа хәҭала ибгеит. Аԥсни, инеизакны Қырҭтәылеи ажәытәӡатә ақьырсиантә уахәамақәа иреиуп. Уажәазы абазилика ахыжәжәарақәа мацароуп иаанханы иҟоу.
Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара
аредакциазураАспециалистцәа ргәаанагарала, абазгаа ақьырсианра анрыдыркыла, византиатәи аимператор Иустиниан I-тәи абазгаа рзы Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа ииргылеит. Абазилика ахыжәжәарақәа рҟны аарԥшуп амармалташь шкәакәа иалхны иҟаҵаз, абырзен нбанла адҩыла змаз анышәынҭратә хаҳә афрагмент. Ишубарҭоу ала, ари ахаҳә аҭыԥантәи идинтәымыз ма адоуҳатә хаҿык инышәынҭра акәын. Адҩылара ҟаҵоуп VI ашәышықәсазы. Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа х-нышьк змоу абазилика ауп. Уи усҟак идуумыз, аформа иаша змаз аҳаштә блокқәеи акьырмыт ҟьаҟьеи рыла иргылан.
Уажәтәи аҭагылазаашьа
аредакциазураҴандрыԥшьтәи аныхабаа Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп.
Алитература
аредакциазура- ვ. ჯაოშვილი, რ. რჩეულიშვილი, ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 2, თბ., 1977. — გვ. 680.
- კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში,თბ.,2015
Азгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-31 шықәсазы.