Герзмаа, Хьыбла Леуарса-иԥҳа
Хьыбла Леуарса-иԥҳа Герзмаа (дииҭ ажьырныҳәамза 6, 1970 ш., Пицунда) — абжьы ссир зхоу, К.С. Станиславскии Вл.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху амузыкатә театр дасолисткоуп. Дықәгылахьеит лара Мариинсктәи атеатри, Париж Елисеисктәи адәқәа ртеатри Диу Шатле атеатри, Флоренциа Комунале атеатри, Барселона Дель Лисеу атеатри уҳәа акыр рсценақәа рҿы. Хьыбла Герзмааԥҳа – Франсиско Виниас ихьӡ зху Жәларбжьаратәи авокалистцәа рконкурс II апремиа далауреатуп, иланашьоуп П.И. Чаиковски ихьӡ зху X Жәларбжьаратәи аконкурс аҿы Гран-при, «Золотой орфей - 2001», аноминациа «Зегьы иреиӷьу ашәаҳәаҩ» (2006) атеатртә премиа далауреатуп. Хьыбла Леуарса-иԥҳа Герзмааԥҳа 2006 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазҭәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵан, 2012 шықәса рзы – Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартистка ҳәа. 2012ш. рзы Хь.Л. Герзмааԥҳа илыхҵан Аԥсны жәлар рартистка ҳәа ахьӡ.
Герзмаа, Хьыбла Леуарса-иԥҳа | |
---|---|
![]() | |
Ахатәы хьӡы | Хьыбла Леуарса-иԥҳа Гьырзмаа |
Аира |
ажьырныҳәамза 6, 1970 ш. (53 ш.) Пицунда |
Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Урыстәыла |
Алма-матер | Московская консерватория |
Аусура | оперный певец |
Анашьамҭақәа |
народный артист Российской Федерации заслуженный артист Российской Федерации Золотая маска |
Абызшәақәа |
Аԥсуа бызшәа, Аурыс бызшәа, Англыз бызшәа |
Асаит | http://www.hibla.ru |
АзхьарԥшқәаПравить
- Хибла Герзмава на FaceBook
- Хибла Герзмава на сайте Музыкального театра имени Станиславского и Немировича-Данченко
- Хибла Герзмава на сайте belcanto.ru
- Хибла Герзмава на сайте Галереи Шазина
- Андрей Тажиев. Журнал «Ять». «Обручение с прекрасным». 2001 г. № 2, стр. 87
- Александр Руснак. Хибла Герзмава: Художник не должен быть политиком. Радиостанция Коммерсантъ FM