Дида-ҳаным Гьачԥҳа ― аԥсҳа Аслан-беи раԥхьатәи иԥҳәыс, саӡтәи аҭауад Рашыд Гьачба иаҳәшьа[1].

Дида-ҳаным Гьачԥҳа
Аҳкәажә Дида
Аира ?
Гьачрыԥшь, Саӡны, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1810
Аԥсуа аҳра
Адин аԥсылманра
Ахаҵа Аслан-беи Чачба
Амаҵура аҳкәажә, аԥсҳа иԥҳәыс

Абиографиа

аредакциазура

Дида-ҳаным Гьачԥҳа диит Саӡны, Гьачрыԥшь (иахь. ақ. Веселое) ақыҭан, аҭауад Гьачба иҭаацәараҿ. Лқәыԥшра иазку адырра маҷуп. 1808 шықәсазы Дида диццоит аԥсҳа Аслан-беи[1]. Аслан-беи аԥа Шьырын-беи диман, иҟалар ауеит Дида ари аҳиԥа иан лакәзар. Дидеи Аслан-беи реибагара даара акраҵанакуан, избан акәзар лашь Саӡны аҟны анырра ду змаз, Гьачрыԥшь ахада - Рашыд Гьачба иакәын. Иара убас лыжәла аублааи асаӡқәеи рҟны аҳаҭыр ду аман. Аслан-беи Дида ԥҳәысс данааига, иаргьы аҳаҭыр ду иоуит.

Аслани Дидеи рҭаацәара рацәак изнымхеит. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, 1810 шықәсазы аҳкәажә Дида-ҳаным Гьачба лҽылшьоит[1]. Избан, мзызс иамазеи абри лхымҩаԥгашьа? Уи зегь маӡаны иаанхоит.

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.