Циоҟ (Михаил) ДадышьШәантәылатәи аҳра ахәҭак анапхгаҩы, Чубехеви зтәыз.

Михаил Дадышь
Циоҟ Дадышь
Шәантәыла аҳ (мҭавари)
Амаҵураҭыԥ ахь:
1821 – 1841
Аԥхьа иҟаз Мсоусҭ Дадышь
Аҭынха Кәасҭа Дадышь


Аԥҳәыс Мариам
Ани аби Мсоусҭ Дадышь, Гиго-ҳаным

Абиографиа

аредакциазура

Иаб Мсоусҭ данԥсы ашьҭахь (1821), иан Гиго-ҳаным (Дигорхан) лыцхыраарала активла лылахәылареи рыла аҳра анапхгара азиуан. Урыстәыла адлара амҩаԥгаразы Қарҭ даннеи, Дигорхан ишиашоу Розен диԥылеит, насгьы лԥа Циоҟ ихьӡала Урыстәыла дшалало ала аҭоуба шьҭалҵеит. Розен Циоҟ ихьӡала асаламшәҟәы иҩит, уаҟа ажәа ҟаиҵеит Чубехеви импыҵахаларазы, насгьы аҳ ихьӡала ашәарҭадара шииҭо[1].

1833 шықәсазы мшаԥымзазы Циоҟ аҭоуба шьҭеиҵеит, лаҵарамзазы Ҭатарҟан. Аҳратә напхгара Ҭатарҟани Циоҟи иҟарҵаз аҳәара иазыӡырҩӡомызт - урҭ рыҩџьагьы Шәантәыла заҵәык ртәхарц рҭахын. Аимпериа аинтересс иамаз ҩыџьа аԥшәма ԥсыҽқәа рыҟазаара акәын, иӷәӷәоу аӡәы иакәымкәа, убри аҟнытә анапхгаҩы официалла Дадышьтәи аҳра ҩ-хәҭакны аихшара дақәшаҳаҭхеит. Аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ишиашоу рылахәхарала, ахылаԥшра официалла ианазхаҵаха ашьҭахь, Циоҟ (Михаил ихьӡҵас) Ҭаҭарҟани (Никәала) рыҳәара ҟалеит[2].

1833 шықәсазы ԥхынҷкәынымза 9 азы Циоҟ, Ҭаҭарҟан ԥхынҷкәынымза 25 рзы иреиҳау аҳамҭақәа ирыдыркылеит[3]. Уажәшьҭанархыс Циоҟи Ҭаҭарҟани Шәантәыла аҳцәа ҳәа ирышьҭоуп. 1834 ашықәс азы аофициалтә дыргақәеи атитулқәеи иҭан, иара убри аамҭазгьы амаиор ичын инашьан, иӡаахра ашьҭахь Михаил ахьӡгьы ирҭеит. Иара Шәантәыла инхоз амиссионерцәа дрыцхраауан. 1840 шықәсазы ԥхынҷкәынымзазы иԥеи 73-ҩык ашәан аибашьцәеи ицны, аурыс ар Аԥсны имҩаԥыргоз акәылара далахәын, Ҵабал инхоз ауааԥсыра рҿагыланы. Иԥсҭазаара далҵит 1841 шықәсазы цәыббрамзазы Туахы, Нхыҵ-Кавказтәи ашьхарыуаа дрылагыланы данеибашьуаз. Циоҟ иан Дигорхан ихәыҷқәа рхылаԥшра лнапы ианырҵеит (иҭынха Кәасҭагьы уахь дналаҵаны).

Азгәаҭақәа

аредакциазура