Шәантәылатәи аҳра – 17-тәи ашәышықәса аҩбатәи абжа инаркны 1858 рҟынӡа Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла афеодалтә аҳра акәын. Шәантәылатәи аҳра иаҵанакуан Хыхтәи Шәантәыла амраҭашәаратәи ахәҭа (Егры аӡиас адәҳәыԥш) Бали ҳәа изышьҭоу ахәы (Латали мраҭашәарала) инаркны Цвимзагар (Џьвари мраҭашәарала) аҟынӡа, уи Бечо, Лечкан, Ецери, Цумари, насгьы Чубехеви.

Аҳра
Шәантәылатәи аҳра
სვანეთის სამთავრო
Абираҟ
Аҳҭнықалақь Ԥари
Ашьақәгылара XVII
Аӡра 1858
Аофициалтә бызшәа ақырҭуа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 10 нызқь ҩык
Адин Ақьырсианра
Адинастиа Дадышь

Шәантәылатәи аҳмадара Аԥсуа аҳраду аҵакырадгьыл-наԥхгаратәи еидкылақәа ируакын. Вахушҭи Багратион ари аҳмадара аӡбахә иҳәеит 8 аҳмадарақәа рҟны, иара излеиҳәо ала, урҭ еиҿызкааз Аԥсны раԥхьатәи аԥсҳа Леуан II иоуп. Шәантәылатәи аҳмадараҿ, Аԥсуа аҳраду ианыхәҭакыз, Марышьаа рыжәла аҳра руан, ари даара акраҵанакуан (иаауп аверсиа Марышьаа Амаршьанаа шраку)[1].

Аԥсуа аҳраду аполитикатә ԥсҭазаараҿы Марышьаа ароль ду нарыгӡеит. 864 шықәсазы Џьавахьеҭ аҳмадас дҟалеит Звиад Марышь. Џьавахеҭ иҟоу Кәымурдо аныҳәарҭа аргыларатә ҩыра излаҳәо ала, уи Џьавахеҭ даауп, избанзар Аԥсҳа иуаажәлар дахьреиуа азы.

Шәантәыла аҳраҿы 66 қыҭа ыҟан, 1000 гәара раҟара мамзаргьы 9500-10,000 уаҩы нхон. Асоциал-политикатә еиҿкаареи аизыҟазаашьақәеи ақырҭуа реилазаара еиԥшын. Адинтә сфераҿы Шәантәыла ахадара аҷҟәандыр Цаишели инапы ианын. Араҟа иҟоу ақьырсиантә уахәамақәа рҟынтә Пхутреритәи Аԥаимбар Уахәама аԥшӡареи абеиареи рыла иалкаан.

Шәантәылатәи аҳра аԥҵаразы ақәԥара иалагеит Дадышьаа Фуҭеи Оҭари Дуи рнапхгараан, урҭ рҭынхацәа Сорҭман, Росҭом, Ҭенгьыз уҳәа егьырҭгьы еицлабуа Рихгви рабиԥара иаҿагылан, уи аҵыхәтәан зынӡа иӡит.

Шәантәылатәи аҳра Урыстәылатәи аимпериа ахәҭак аҳасабала

аредакциазура

Аҳ иҭынхацәа - Баба-Циоҟ - Мсоусҭи, Циоҟи, Ҭаҭарҟани уҳәа убас егьырҭгьы ахыдатә аҭыԥ азы еибашьуан. 19-тәи ашәышықәсазы 20-тәи ашықәсқәа рзы урҭ рҭаацәареи раҳреи ҩ-хәҭакны еиҟәшеит: Дадышьаа рыҟәша еиҳабы Чубехеви (Гыртәыла аҳәаатә ҵакыра) ааннакылеит, еиҵбы аҟәша Ецери, Чумари, Бечо-Лечкани. Аҩ-ҟәша раҳцәа рҽазыршәеит амчра заҵәык, Шәантәыла зегьы рымхра. 1833 ашықәсазы Дадышьа Урыстәылатәи аимпериа ахадара рыдыркылеит, аха аԥхьагыларазы ақәԥара ааныркыломызт, уи зны-зынла Мокишпеи аҭауадацәеи аусуҩцәеи рықәгыларала ихыркәшахон. Адианаа еиҿагылоз Дадышьаа русқәа лассы-лассы рҽаладырхәуан. Иахьынӡазалшоз ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәаз Чубехевтәи Дадышьаа аибашьра иаҿын. 1857 ашықәс азы Кәасҭа (Мырзаҟан) Қәҭешь аинрал-губернатор Гагарин дишьит. Кәасҭа, аҭыԥантәи аӡбарҭа иаднакылаз аӡбарала, еихсны дыршьит, насгьы иҭаацәа хара имгакәа Урыстәыла харатәи агуберниақәа рахь иахыган. Уи ашьҭахь, Шәантәыла аҳра официалла иқәган, ахҵәара иацәынхаз Дадышьаа Шәантәыла хаҭалатәи адгьыл зтәыз ракәны иаанхеит[2].

  1. Тумонов Кирил, Кавказ ақьырсиантә ҭоурых аҭҵаара., Вашингтон араион: Џьорџьтаунтәи ауниверситет апресса, 1963. — ад. 257.
  2. Ленг Давид Маршалл, Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц, Лондон: Weidenfeld and Nicolson, 1962. — ад. 96-97.