Залкалиани, Давиҭ
Давиҭ Залкалиани (ақырҭ. დავით ზალკალიანი; жәабранмза 27, 1968 ш.) — Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Абиографиа
аредакциазура1992 шықәсазы Иуане Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратә зин афакультет далгеит.
1992-1995 шықәсқәа рзы - Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рдепартамент евроеиҿкаарақәа русбарҭа ахԥатәи амаӡаныҟәгаҩ, нас аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ, анеҩс, актәи амаӡаныҟәгаҩи аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩи. 1995-1996 шықәсқәа рзы - адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рдепартамент евроеиҿкаарақәа русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. 1996-2000 шықәсқәа рзы аус иуан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәараҿы ҽ Вена иҟоу жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакраҿы актәи амаӡаныҟәгаҩ, нас, абжьагаҩ. 2000-2001 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра актәи европатә департамент аҿы абжьагаҩс дыҟан. 2001-2002 шықәсқәа рзы - Австриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәараҿы - Вена иҟоу жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакраҿы абжьагаҩс дыҟан. 2002 шықәса хәажәкыра инаркны - Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаареи Вена иҟоу жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакреи рҿы еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ. 2002-2004 шықәсқәа рзы - Америкеи Канадеи Мексикеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәараҿы абжьагаҩ хада. 2004-2007 шықәсқәа рзы - Узбекисҭантәи Ҭаџьыкисҭантәи ареспубликақәа рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ. 2007 шықәса ажьырныҳәа инаркны ԥхынгәынӡа - Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аглобалтә еизыҟазаашьақәа рдепартамент адиректор. 2008 шықәса ԥхынҷкәын инаркны 2008 шықәса ажьырныҳәанӡа - Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҷыдақәа рыцҳаражәҳәаҩ. 2012 шықәса ажьырныҳәа инаркны 2009 шықәса цәыббранӡа - Беларустәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ. 2012 шықәса жьҭаара 29 инаркны 2014 шықәса абҵара 5-нӡа - адәныҟатәи аусқәа рминистар актәи ихаҭыԥуаҩ. 2015 шықәса инаркны 2016 шықәса ажьырныҳәа ҩ-нӡа - Леван Миқелаӡе ихьӡ зху афонд анагӡаратә директор. 2016 шықәса ажьырныҳәа ҩ инаркны 2018 шықәса рашәара 21-нӡа - Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ. 2007 шықәсазы ианашьан зымч наӡоу ацҳаражәҳәаҩ идипломатиатә ранг.
Идыруеит англызи, агермани, аурыси бызшәақәа. Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥҳацәа имоуп.