Константинополь (ажә. бырз. Κωνσταντινούπολις — Константину́полис, ажә. бырз. ἡ Πόλις — Полис — «Ақалақь»; осман. аҭыр. قسطنطينيه [Qosṭanṭîniyye]; аҭыр. Konstantinopolis, Kostantiniyye; алаҭ. Constantinopolis — Константинополис) — Сҭампыл ахьӡ 1930 ш. хәажәкырамза 28-нӡа, иофициалтәым ахьӡ (иофицалтәу - Рим Ҿыц, Аурым империа аҳҭнықалақьқәа (330-395), Мрагыларааурымтә (Византиатәи) аимпериа (395 - 1204, 1261-1453), Латынтәи ампериа (1204-1261). Османтәи аимпериа (1453-1922).

Византиатәи Константинополь, Ахьтәы  Тәыҩеи Амармалташь мшыни рыбжьара астратегиатә шыцә аҟны иҟаз, Европеи Азиеи рҳәааҿы, ақьырсиантә империа иаҳҭнықалақьын -Ажәытәӡатәи Рими Ажәытәӡатәи Еллинтәылеи иаҭынхаз.

Византиа (аеллин. Βυζάντιον, алат. Byzantium) ақалақь ахьыӡқәа рахьтә - Рим Ҿыц  (аеллин. Νέα Ῥώμη, алат. Nova Roma) (апатриарх ититулқәа реилазаара иалоуп), Константинополь, Царьград (аславианқәа рыҟны; аеллин хьӡы аиҭага «Царственный град» — Βασιλεύουσα Πόλις — Василевуса Полис, ақалақь  Василевса)  иара убас Сҭампыл. "Константинополь" ахьӡ аеллин бызшәаҿы еиқәхеит, "Царыград" - аладаславиантә. IX—XII ашәышықәсақәа рзы ахархәара аман ахьӡ ду "Византида". (аеллин. Βυζαντίς)[3]. Ақалақь офицалла ахьӡ ԥсахын Сҭампыл   ҳәа, 1930 ш. рзы Ататиурк иҟаиҵаз аиҭакрақәа раан.

Константин Дуӡӡа (306—337)

аредакциазура

Иԥшьоу Апостолцәа рныхабаа

аредакциазура

324 ш. аиҿагыларатә еибашьрақәа рыҟны аиааирақәа рнаҩс, Аурым аимператор Конснтин дуӡӡа I, VII ашә. ҳера ҟалаанӡа аеллин колониа аҳасабала ишьақәгылаз Византион ақалақь аҟны аргылара дуқәа  еиҿикааит - аҽырҩырҭа ҟаиҵеит, ахан ҿыцқәа иргылеит, Апостолцәа рныхабаа ду иргылеит, абааштә ҭыӡқәа шьҭихит, аимпера ахы-аҵыхәа аҟынтә ақалақь ахь иааган аҟазара аԥҵамҭақәа. Мҽхакы ҭбаалатәи аргыларақәа ирыбзоураны ақалақь акырӡа иазҳаит, европатәи азиатәи апровинциақәа рҟынтә иааз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа иацлеит.

Аҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, 330 ш. лаҵарамза 11 рзы, Константин Аурым империа аҳҭнықалақь официалла Босфор ахықәан ақалақь ахь ииаиган, Рим Ҿыц ахьӡиҵеит, анаҩс иаарласны Константинополь ҳәа ахьӡ ԥсахын[4][5][6]. В.В. Серов излазгәеиҭо ала, ақалақьтә статус хәыҷ-хәыҷы иҿион, аамҭа еиҭасрақәа иргәылсны – Константин иқалақь аҟынтәи заатәи Византиа аҳҭнықалақь аҟынӡа[7].

Ақалақь есааира аҿиареи аизҳареи иаҿын, ашәышықәса азбжазы, аимператор Феодосиа инапхгараан, ақалақь аҭӡы ҿыцқәа шьҭырхит. Ақалақь аҭыӡқәа, ҳара ҳҟынӡагьы иааз, ахәқәа быжьба -  Рим шаҟа ыҟоу аҟара агәыҵакуп.

Еиҟәшоу аимпериа (395-527)

аредакциазура

395 ш. рзы Феодосиа даныԥсы, Римтәи аимпериа аҽе ҩнашеит Мраҭашәаратәи Римтәи аимпериеи Мрагыларатәи Римтәи аимпериеи ҳәа. Мраҭашәаратәи Римтәи аимпериа анхыбгала ашьҭахь (476), Мрагыларатәи аимпериа традициала мраҭашәаратәи терминла Византиатәи аимпериа, мамзаргьы ус баша Византиа ахьӡуп, хатәыхьӡны ахаангьы ишамамызгьы, Византиа ыҟанаҵы ампериа еллин бызшәала Ромеитәи ҳәа ахьӡын  (Римтәи ҳәа), уи ауааԥсыра - Ромеиаа (римаа) ҳәа.

Иустиниан иқалақь  (527—565)

аредакциазура

Аимператор Иустиниан анапхгараҿы даныҟаз 527-565 шш. рзы, Константинопль «ахьтәы шәышықәса»  ааит. Хәышықәса иара анапхгараҿы иҟазаара ашьҭахь (532) ақалақь аҟны «Ника» ҳәа хьӡыс измаз ақәгылара ду ҟалеит - ақалақь еилаԥыххаа иқәҵан, иблын Ацқьа Софиа л́ныхабаа.  Абунт ӷәӷәала ихәаҽны, Иустиниан ҩаԥхьа аҳҭнықалақь аргылара далагеит, усҟантәи аамҭазы иҟаз архитекторцәа бзиақәа адыԥхьаланы. Ахыбра ҿыцқәа ргылан, аныхабаа, аханқәа, амҩаду хадақәа аколоннадақәа рыла ирԥшӡан. Аҭыԥ ҷыда ааннакылон  Ацқьа Софиа лныхабаа, ақьырсиантә дунеи аҟны зегь реиҳа идууыз ныхан ари, ус ишыҟаз иагьаанхеит зқьы шықәса инареиҳаны - Рим иргылаз Ацқьа Питор иныхабаа ргылахаанӡа.

"Ахьтәы  шәышықәса" ашәшьы ахымлакәагьы иҟамлеит: 544 ш. Иустиниан имырза чымазара иагеит 40% ақалақь ауааԥсыра.

Ақалақь ирласны еизҳауеит, аԥхьа уи  усҟантәи аамҭа иатәыз устә центрны иҟалоит, анаҩс адунеи аҟны зегь раасҭа идуу қалақьны. Ус баша Ақалақь ҳәа азырҳәо иалагеит.  Аизҳазыӷьара аамҭа ианҭагылаз ақалақь иамҽханакуан 30 нызқь гектар, ауааԥсыра – шә-нызқьҩыла, Европатәи идуу ақалақьқәа раасҭа жәантә еиҳан[8].

Раԥхьатәи аҭырқәа топонимқәа цәырҵуеит İstanbul ([isˈtanbul] — иста́нбул, аҭыԥантәи аҳәашьа ɯsˈtambul — ыста́мбул)  арабқәа рыҟны, анаҩс X-тәи ашәышықәса иаҵанакуа атиурктә хыҵхырҭақәа рыҟны,  (аеллин.  εἰς τὴν Πόλιν), «ис тин пόлин» — «ақалақь ахь»  мамзаргы «ақ. ашҟа» —     Константинополь аеллин хьӡы иахаршаланы.

Амацәаз аҭакреи аилаҳареи

аредакциазура

Константинополь аҭыӡқәа

666 ш.инаркны 950 ш.-нӡа ақалақь изнкымкәа иакәшахьан арабцәеи аболгарцәеи, аурысқәеи.

717-741ш.ш. рзы аимператор Лев Исавр анапхгараҟны даныҟаз аамҭазы  аныхачаԥаҿагылара цәырҵуеит, уи IX ашә. азбжаҟынӡа иҟоуп, адинхаҵара атема иазкыз афрескақәеи амозаикақәеи акыр еилаԥыххаа иқәҵан.

Македонианинааи  Комнинааи рхаантәи аизҳазыӷьара

аредакциазура

«Константинополь аныхабаақәеи амонастырқәеи», иара убас Новгородтәи архиепископ ац. Антони 1200 ш. рзы аԥшьаҭыԥқәа рахь «Иныҟәарақәа»»  захьӡу аҭоурыхтә хсаала-аиҭеиҿкаара Автор:  И.К. Фоменко[9].

Византиа иара инацны Константинопольгьы аҩбатәи аизҳазыӷьара дуӡӡа, аҿиара алагоит IX ашәышықәсазы, Македониатәи адинастиа амчрахь ианаа аамҭа инаркны (856-1056). Усҟан, ихадаз аӷацәа - аболгарцәеи (Уасил аҩбатәи хьыӡшьарас иман Аболгареибашьҩы ҳәа), арабцәеи риааира инаваргыланы иҿио иалагеит аеллин бызшәала акультура: аҭҵаарадырра (еиҭашьақәыргылан Константинопольтәи иреиҳаӡоу ашкол - раԥхьатәи европатәи ауниверситет, 425 ш. рзы Феодоси аҩбатәи ихаан иаԥҵаз), аҿыханҵа (еиҳарак афрескақәеи аныхачаԥақәеи), алитература (еиҳарак агеографиа, ашықәснҵара). Аҽарӷәӷәоит амиссионертә усура, еиҳарак аславианцәа рыбжьра, уи арҵабыргуеит Кирилли Мефодиеи русура.

Папа римтәи Константиноипольтәи апатриархи рыбжьара иҟалаз аҳәоуеиқәымшәара иахҟьаны, 1054 ш. рзы ақьырсиантә ныха еиҩшахеит, Константинополь акәзар аиашахаҵаратә центрны иҟалеит.

Аимпериа уиаҟара идумызт уажәшьҭа, Иустиниани Иракли рхаан еиԥш, Константинополь иаҿурԥшшаз ақалақьқәа амамызт. Убри аамҭазы Константинополь ахадаратә роль нанагӡон Византиа аԥсҭазаараҟны. 1071 ш. инаркны, аҭырқәа-сельџьукцәа ақәылара ианалага, Ақалақь ҩаԥхьа ашәшьы нахаԥеит.

Комнинаа рдинастиа рнапхгарааан (1081-1185) Констнатинополь аҵыхәтәантәи аизҳазыӷьара аамҭоуп – амала, Иустиниани Македониатәи рдинастиаан еиԥш акәмызт. Ақалақь агәы мраҭашәараҟа ақалақьтә ҭыӡқәа рахь инаскьеит, иахьатәи Фтихи Зеиреки араионқәа рахь. Аргылара иалагеит аныхабаа ҿыцқәеи, аимператортә хан ҿыци (Влахернтәи ахан).

XI и XII ашәышықәсақәа рзы  агенуезцәеи авенецианцәеи рнапахьы иааргоит ахәаахәҭратә гегемониа, Галат рҭыԥ ылырхуеит.

Влахерн иҟоу аныха ҿыц

1204 ш. мшаԥымза 13 рзы Константинополь Аԥшьбатәи аџьартә ныҟәара арыцарцәа ирымпыҵархалоит, шьаҭанкыла еимырҵәоит, иццышәха иқәырҵоит.  Ақалақь Латынтәи аџьарныҟәгаҩцәа римпериа иаҳҭнықалақьны иҟалоит. Константинополь имҩаԥган акатоликатәи ақьырсиантә ныхақәа рыбжьара еиҩшахеит аныхабаақәа.  Ақалақьтә ныхабаақәа 300 рахьтә, 250 ақьырсанцәа ирыҭан, быжьба авенецианцәа рахь ииасит, 30-ҟа афранцызцәа рахь, ауахәамақәа ҩба императортәхеит.

Иҟан иара убас аиашахаҵаҩцәеи акатоликцәеи зеиԥшла рхы иадырхәоз. Латынтәи аимпериа аҳҭнықалақь  амчраҟны иҟаз афинанстә уадаҩрақәа рныԥшуа иалагеит. Ақалақь аҟны иаанкылахеит аргыларақәа, иара аҭыӡқәа рзы акәзар, хәҭа-хәҭала арҽеирақәа мҩаԥган ауп,  ақалақь аҟны имҩаԥсыуан аныхабаақәа рыргылара, мамзаргьы уаанӡа иахьгылаз аҭыԥқәа рҟны еиҭадыргылон, аха уи лассы-лассы имҩаԥысуамызт.

Убри инаҷыданы, ақалақь аҟны еиқәхеит ашәҟәтәы миниатиура аҟазара. Константинопольҟа иааит атрубодурцәа рҟазара. 1261 ш. ԥхынгәымзазы,  византиаа, агенуезццәа рыдгылара змаз, ақалақь рнапахьы иааргоит, амчра ҩаԥхьа  византиатәи Апалеологцәа рдинастиахь ииасит.

XIV-тәи ашәышықәса азбжанӡа, Константинополь хәаахәҭратә центр дуны иҟан, анаҩс хәыҷы--хәыҷла аҭацәра иалагеит, ақалақь аҟны апозициақәа рнапахьы ииаргеит авенецианцәеи агенуезқәеи. XIV-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны, Константинополь изныкымкәа ирымпыҵархаларц иалагахьан аосман аҭырқәцәа. Сулҭан Меҳмед Ампыҵахалаҩ 1452 ш. рзы Румельтәи абаа аниргыла анаҩс, ақалақь алахьынҵа ӡбахеит, 1453 ш. лаҵарамза 29 рзы аакыраамҭа амацәаз иҭакыз ақалақь каҳаит.

Константинополь аҳәынҭқарра ҿыц - Османтәи аимпериа иаҳҭнықалақьны иҟалеит

Ротонда Аиа Софиа

Царьград —  ақалақь аславиантә хьӡуп, мамзаргьы Константинополь адгьылқәа, Мрагылара-Римтәи (Византиатәи) Аимпериа аҳҭнықалақь, иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу иахьатәи Сҭампыл ауп.  Иара еиуеиԥшымкәа иҟоуп хархәара ахьамоу абызшәа зеиԥшроу еиԥш, иаҳҳәозар, ажәытә славиантә: Цѣсарьградъ; аныхаславиантә: Царьгра̀дъ,  аурыс: Царьгра́д: аладаславиантәи абызшәақәа Carigrad  мамзаргьы Цариград,  дара ралфавитқәа ирхьырԥшны; словацк. Carihrad; чеш. Cařihrad; польск. Carogród; укр. Царгород;  иара убас Czargradи  Tzargrad;

Царьград — аеллин быз. аҟынтә ажәытәславиантә бызшәахь Βασιλὶς Πόλις. Аславиан ажәақәа еилаҵаны - "Аимператор", град "ақалақь", иаанагон  " «аимператорцәа рықалақь».

Аболгарцәа иара убас ари ажәа рхы иадырхәеит Велико-Тырнова  (Царевградский Тырнов, «Имперский город Тырнов»), аболгар аҳцәа  раҳҭнықалақьқәа ируаку, аха убри анаҩс, Балкан аҳасаб ала Османтәи аимпериа амчра аҵаҟа иҟалеит, аболгар ажәа  Константинополь даҽа хьӡык аҳасаб ала хархәара аман[11][12][13].

Ажәа "Царыград" аурыс бызшәа аҟны ажәытә терминны иаанхоит. Аха, уаанӡеиԥш ахархәара амоуп аболгар бызшәаҟны, еиҳаракгьы аурыс контест аҟны. Болгариа аҳҭнықалақь Софиа амҩатә артериа хада "Цариградское шоссе" ҳәа иашьҭоуп.

(«Царьградское шоссе»[en]);  амҩа алагоит  Аҳ - ахақәиҭтәҩы ибульвар ала, иагьынаӡоит амҩа хада аҟынӡа,  Сҭампыл алада-мрагыларатәи ахәҭахьы узго.  Царыград ахьӡ еиқәхеит еуеиԥшым агәыԥқәа рҟны ("Аҳ ижь", уи иаанагоит -"ашьхараџь"), цариградтәи акиуфҭа -афатәхкы. Асловиантә бызшәаҟны ари ахьӡ уаанӡеиԥш ахархәара амоуп, официалла рхы иадырхәоит. Ауаа убас еилыркаауеит, зны-зынлагьы рхы иадырхәоит Carigrad ахьӡ Босниа, Хорватиа, Черногориа, Сербиа.

Архитектура

аредакциазура

Константинополь ақалақьтә еиужьра «Ақалақьқәа раҳкәажәцәа», Адгьыл аҟны Жәҩантә Иерусалим ахаҿреиԥш иазхәыцуан. Иԥшьоу ари аҭыԥ  иҭнаҵаауеит аиеротопиа -  аҭоурых, анцәахаҵара, аҟазараҭҵаара уҳәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа реиҿахасырҭаҟны иҟоу ҭҵаарадырроуп. Рим Ҿыц ақалақьргыларатә программа ацәаарақәа иахьагьы иумбарц залшом ақалақь аҟны, иаҳҳәозар, амармалташьтә колоннақәа (урҭ аԥҽыхақәа) адекор ацны, "аԥсаркәты ала" угәалазыршәо, Феодосиа имҩаԥысуаз афорум аҟны (ҳазҭагылоу аамҭазы - Баиазид адәы); Мес амҩанымҩахыи (алат.Via Triumphalis, уажәы  Диванйолу); Сҭампыл ареологиатә музеи ашҭаҿы,  адгьыл аҵаҟатәи ацистерн VI ашә. «Иери Еребатан сараи» аҭуан иаҵагылоу ашьаҟа аҳасабала. Амармалташь ахәа ыҵырхуан, аусгьы адырулон ахаҳәҵхырҭатә адгьылбжьаха Мармара,  Пропонтида. Амармалташь шкәакәа иалху аколоннақәа ҟаҵан аныхабаа «Гера Акра» иацәынхаз ала, иарбанзаалак классикатә ордерк еиԥшым: урҭ реиҿкаашьа Гера лҵыс аҵысхә еиԥшны иҟаҵоуп, хыхь акыр иҭшәахоит.

Ақалақь афорум хадақәа хԥа ыҟоуп: Константин, Августин, Феодосиа, ажәытәан урҭ арбан Гера иасимволқәаны - антикатә аамҭа  жәҩантә аҳкәажә. Актәи афорум аҟны иҟан аџьаз иалхыз Гера лыстатуиа, иҟалап ари аусумҭа еицырдыруаз аскульптор Лисипп итәызтгьы (1204 ш.-нӡа), Феодосиа афорум аҟны иргылан "аеҵәатә гәашәқәа" - атриумфтә арка х-ҭбаарак рыла ишьақәгылоу, 16 шьаҟа зҵагылаз, урҭ ырԥшӡан «Аргус илақәа» рыла[20]..

Аныхабаа Ацқьа Софиеи  Ахан дуи рыбжьара ашьаҟа дуӡӡаҟны,  Августеон ифорум мраҭашәаратәи аган аҟны, 543 ш. рзы иргылан аимператор Иустиниан иҽы статуиа (1942 ш., 40 ш рнаҩс Константинополь анхыбгала ашьҭахь, амонумент каҳаит адыдмацәыс иахҟьаны. Иаԥҵоуп ҳаамҭа иақәшәо астатуиа ҿыц.

Ԥхынгәымзатәи акаленд аан, аимператор ақалақь аҩада-мраҭашәаратәи аган Павлин араион аҟны иҟаз аныхахь дцон (Влахерн византиатәи аныха, ашәышықәсабжатәи Балат). Балину Анцәахәы аныхабаа раԥхьа иргәаладыршәоит (Павлина, алат. Theotokos Baigle) — 1583 ш.  Аныхабаа иахьагьы уаанӡатәи аҭыӡҭыԥ аҟны иҟоуп Mahkeme Alti Cad. №38[23].

Константинопольтәи амонастыр Хора аҟны (Кахирие-Џьами) еиқәхеит Анцәадзыхшаз ацикл аҟынтә амозаикатә усумҭақәа, урҭ аԥҵан 1316-1321ш.ш. рзы[23].

Агравиура "Ақалақь Константинополь Асулҭан Хада, Фраки иҟоу " алегенда аҟны,  иара убас Себастиан Миунстер   иазгәаҭақәа  "Космографиа" аҟынтә (1570ш. рзы Базеле акьыԥхь збаз), Рим Ҿыц аҭоурыхтә ҭыԥқәа  ирызкны еиҭеиҳәоит.

Константинополь Ақалақь ажәытә баҟақәа хыжәжәараны иҟоуп, ари асахьаҟны ишаабо еиԥш, макьана еиқәханы иҟоу ахыбрақәа, ҷыдала, Ацқьа Софиа Ихадоу лныхабаа, Аимператор Константин Ихан, убри анаҩс иҟоуп даҽа    хан дук. Убас ала, Аимператор (Константин) даҽа ныхак ҟаиҵеит ацқьа Софиа аныхабаа азааигәара, шәага-загала даара идууп, аха уажәы ихырбгалоуп.

Константинополь Аҳҭнықалақь  аҭоурыхтә ҭыԥқәак.

аредакциазура
  • Абар архәарсҭа аҟны Аколонна, ахаҳәқәа еиқәуп, аҳаракыра 24 саџьан амоуп[25].
  • Иара убра иҟоуп Аколонна , «Аҭоурыхтә Колонна» ҳәа изышьҭоу, ус еиԥш ахьӡуп, избанзар аколонна аҩныҵҟа иаԥҵан аҭоурыхтә хроника. [26]
  • Абар,  Константинопольтәи Апатриарх ирезиденциа ахьыҟоу, уантә Балат араион ахь уцар алшоит,;урҭқәа зегьы (абри аплан аҟны) иубар алшоит.
  • Ацқьа Евангелист Лука Иныха
  • Ацқьа Петра иныха
  • ПЕРА.  Константинополь, уажәаԥхьа ишазгәаҳҭаз еиԥш, иҟоуп Пера араион, мамзаргьы аҭырқәцәа ишырҳәо еиԥш, "Галата", иара убра иҟоуп Амшын иалало Иҭбаау Аӡыбжьаха, иҟоуп Аҭырқәатә, иара убас Аиудеитә ԥсыжырҭа, ақалақь анҭыҵ иҟоуп егьырҭ аԥсыжырҭақәа.
  • Абар арыӷьаратә кәакь аҟны иҟоу регион, Амшын Аӡыбжьаха иахьалало, аҭырқәцәа аеллинцәа аҭыԥ (Ваиссенбург) ахьырзалырхыз, иара убас ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоуп абзарбзанқәа рҭыжьырҭа.