Есма Леиԥҳа ма Есма-ҳаҭын — аԥсҳа Қьалышь Аҳмаҭ-беи аҩбатәи иԥшәмаԥҳәыс.

Есма-ҳаҭын
Есма Мгәыӡырхәатәи
Аира ?
Мгәыӡырхәа, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1783
Лыхны, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра
Амилаҭра аԥсуа
Адин аԥсылманра
Ахаҵа Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба
Ахәыҷқәа Сафар Алы-беи
Ажәла Леиба
Амаҵура анхаҩы, аҳкәажә (1780 ш. инаркны)

Абиографиа

аредакциазура

Есма-ҳаҭын Леиԥҳа диит Мгәыӡырхәа, анхаҩцәа рҭаацәараҿы. 1780 ш. Қьалышь-беи, иуаа иманы, Мгәыӡырхәа ақыҭан, еицырдыруаз, ҳаҭыр зқәыз аамсҭаду Маан Бежьан иахь аангылара дцеит. Бежьан иҩны иацәыхарамкәа ӡиас хәыҷык леиуан, аҭыԥҳацәа аҩны иӡахыз амаҭәақәа рышкәакәара иаҿын. Аԥсҳа илаԥш днықәшәит, ԥҳәызба ԥшӡак. Бежьан исас хада игәы иахәарц азы илшоз зегьы ҟаиҵеит, ачаржәра ду еиҿикааит, уи даара игәаԥхеит Қьалышь. Аха зегь реиҳа игәаԥхоз аӡиас аҿықәан ииԥылаз аԥҳәызба қәыԥш, уи Есма лакәын; Иара убри 1780 шықәсазы, Аԥсны азакәанқәа зегьы ирхыҵны, ачара руит.

1780 ашықәсазы аԥа диит - Сафар Алы-беи. Насгьы аԥсуа азакәанқәа рыла, иара убас Қьалышь-беи иаԥшьгарала, Сафар-беи Маан Бежьан иҩныҟа ддәықәырҵеит, ааӡаразы. Дыдеи (Қьалышь-беи раԥхьатәи иԥҳәыс) лареи резыҟазаашьақәа бзиамызт, избанзар рыҩџьыгьы ирҭахын рԥацәа аԥсҳас иҟалартә еиԥш. 1783 шықәсазы Есма лыԥсҭазаара далҵоит.

Азгәаҭақәа

аредакциазура