Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба — ажәаатәи Аԥсҳа (1780-1808).

Қьалышь-беи Чачба
Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба
Аҟәа (Гәыма) атәылаҿацә ахада
Амаҵураҭыԥ ахь:
1770 – 1780
Аԥхьа иҟаз атитул шьақәдырӷәӷәеит
Аҭынха Ҳасан-беи Чачба
Аԥсҳа
Амаҵураҭыԥ ахь:
1780 – 1808
Аԥхьа иҟаз Зураб Чачба
Аҭынха Аслан-беи Чачба


Аира 1747 ш.
Лыхны, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра
Аԥсра лаҵарамза 2, 1808 ш.
Аҟәа-Қале, Аԥсуа аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Аҟәа
Аԥҳәыс Дыда-ҳаным Ӡаԥшьԥҳа
Есма-ҳаҭын Леиԥҳа (?-1783)
Рабиа-ҳаным Амаршьанԥҳа (?-1820)
Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа(?-1836)
Ани аби Есма-ҳаным Аредԥҳа
Манча Чачба
Адин Аԥсылманра

Диит Қьалышь-беи 1747 ш., Аҟәа ма Сҭамԥыл, Аԥсҳа Манчеи уи иԥшәмаԥҳәыси Есмеи-ҳаными рҭаацәараҿы. Ихәыҷра шықәсқәа раан асулҭан ихан Ҭоԥ-қаԥы аҟны дызҳауан, уа араԥ бызшәеи, ҭырқә бызшәеи иҵеит. 1758 ш. Аԥсҳа Манча иҭаацәареи, иашьцәеи Зурабеи Шьыруанеи, Ҭырқәтәылаҟа ихыган, уа аԥсылманра рыдыркылеит.

Аԥсныҟа ахынҳәра

аредакциазура

1778 ш. Қьалышь-беи Аԥсныҟа дхынҳәоит. Жәындрыԥшь ақыҭан Ӡаԥшьааи иареи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра рнапаҵаркуеит. Уи ашьҭахь ԥҳәысс дааигоит аҳкәажә Дыда-ҳаным (Мариам) Ӡаԥшьԥҳа[1]. Иабшьа Зураб иԥсҳараан Атәылаҿацә Аҟә дахагылан.  1780 ш. Лыхнытәи ахан иҩналаны, Зураб хәаҽрала дыршьоит. Аԥсҳас дҟалоит Қьалышь-беи[1].  

Иара имчра аан Аԥсны еилаҳаны иҟан. Дал-Ҵабал; Мырзаҟан; Саӡны, Аԥсны иадҵеит. Қьалышь еиликаауан Аԥсны еидимкылыр, ишыӡо[1]. Далагоит Абжьутәи Аԥсны ала[2]. Абжьутәи Аԥсны дахагылан аҭауад Беқьыр-беи (Қьалышь-беи иуа). Беқьыр-беи Қьалышь-беи дидҵарц игәы иҭан. Қьалышь ари аниаҳа, ирр еидкыланы аӡиас Кәыдры ахь ддәықәлоит. Ирр иаанкылоит Аҭара ақыҭан, Кәыдрытәи Абаа ааигәара[1]. Уи аамҭазы Беқьыр-беи уа даан. Имчымхара иибоит, уи азы иқәшаҳаҭра иааирԥшуеит[2]. Аха Қьалышь-беи еиликаауан Беқьыр, ианакәызаалакгьы, иԥҳәыс, аҳкәажә Ачба, лыамысҭаара дшақәгәыӷуаз. Иӡбоит иԥҳәыс зынӡа димхны дигарц[1]. Беқьыр инырра ицәыӡуеит, шықәсык ашьҭахь (1781 ш.) иԥсҭазаара далҵуеит[1]. Беқьыр-беи данԥсы ашьҭахь, иԥа агәыбжьанытә Алы-беи формала днапхгаҩхеит. Аха Қьалышь, ихаҭарнакцәа рыла, Алы-беи иқәранаӡаанӡа Абжьуаа напхгара азиуан. Аполитика аган ала, уажәшьҭа иаанхоит Саӡныи, Ҵабали. Ҵабал Аԥсны иадларц азыҳәан Қьалышь ԥҳәысс дааигоит ҵабалтәи анырра ду змоу аҭауад Кац Амаршьан иԥҳа-Рабиа-ҳаным[3]. Анаҩс аҳԥҳацәеи Селмагьынеи-ҳаным Гамединеи-ҳаным ирҳәоит ҵабалтәи аҭауадацәа, Селмагьына ԥҳәысс дигоит Алы-беи Амаршьан, Гамедина ԥҳәысс дигоит Алы-беи иашьа, Мисоуст Амаршьан[3]. 1794 ш. Қьалышь Мырзаҟан дақәлоит. Агәы-Бедиа иигоит (усҟантәи аамҭақәа раан Мырзаҟан ахадацәа аҳҭынрас ирыман ақ. Агәы-Бедиа)[1]. 1802 ш. Агыртәыла аҟны иалагоит аҩныҵҟатәи аибашьра. Аҳцәа Манчеи Григолеи аҳра ауразы еибашьуан. Григол Қьалышь диҳәоит ацхыраара иҭарц азы. Қьалышь асаламшәҟәы аниоуа, 20.000 нызқь арр еизганы Агыртәылахь ддәықәлоит. Жәыргьыҭ амацәаз иҭаикуеит Григол дицхрааит, ари ацхыраара азы Қьалышь ашыс дииҭоит иҷкәын Леуан(V), насгьы Абааши Акра[1]. Ари аамышьҭахь «еидгылаҩцәахеит». 1803 ш. Агыртәыла Урыстәыла иадлоит. Уажәшьҭа Аԥсныи Урыстәылеи ҿыла еиԥылеит. 1804 ш. Григол иԥсҭазаара далҵоит (аиаша уҳәозар, иԥҳәыс Нино ахәшә иҭаны дылшьит). Агыртәи агәыргьан згоз Леуан Аԥсны дыҟан. Урыстәылатәи ахадара Қьалышь-беи иҳәон Леуан дирҭарц, аха Қьалышь иҭахын аурысцәа ирҭарц 1820 нызқь мааҭ[1]. Аурысцәа ари рҭахымхеит. Аԥсны иақәлеит, абаа Акра амацәаз иҭаркит, насгьы мырзаҟантәи ақыҭақәа Егры ааигәара иҟаз ирыблит[1]. Уи аамышьҭахь Қьалышь-беи, аурысцәа Леуан дриҭоит. 1804 шықәсазы Қьалышь-беи зықәранаӡахьоу иԥацәа еиуеиԥшым адгьылқәа рҟны мпыҵакҩыс иҟаиҵеит. Иԥа Аслан-беи қыҭақәак иоуит; Сафар-беи Бзыԥтәи агьежьыраҟны мпыҵакҩыс дҟалеит[4]. Қьалышь-беи Рабиеи-ҳаным рыҷкәын Меҳмед-беи Мырзаҟан аҟны анапхгаҩыс дҟаҵан, избан акәзар, аҭауад Леуан иқәрахь днеихьеит (~70 шықәса)[5]. Аха Леуан дгьылда даанымхеит, Ԥахәлан ақыҭа иҭан. Иԥа Ҳасан-беи (Рабиа-ҳаным лҟынтә) Гәымтәи Агьежьыраҟны мпыҵакҩыс дҟарҵеит, иашьцәа еиҵбацәа дырхылаԥшлароуп ҳәа аԥҟарақәа рыла[5]. 1805 ашықәс азы ачымазара ахҟьаны, аҭауад Меҳмед-беи иԥсҭазаара далҵит, ҩыџьа аԥацәа ааныжьны[3]. Ампыҵакҩыс закәанда дҟалоит Манча Салуман-иԥа Чачба[3]. Уи ашықәсаан, 1805 ш Мырзаҟан Урыстәыла иадлоит. Мырзаҟантәи аҳцәа Урыстәылатәи Аимператор аҭоуба ирҭоит.1806 ш. Қьалышь-беи аҭырқәтәи асулҭан дицәҟьаҵуеит. Ари азы асулҭан имшынтә ирр Аԥсны ахь инаишьҭеит. Қьалышь-беи ари идырны, 20.000 нызқь арр еидкыланы асулҭан ирр дазыԥшын. Асулҭан ирр ари зегьы ианырба ихынҳәит. Ари аамышьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра аиуеит. Аԥсны ихьыԥшымны иаанхоит аԥсҳа Қьалышь-беи иԥсра аанӡа[1].

 
Қьалышь-беи иқьашана. 1912 ш.

 Лаҵарамза 2, 1808 ш. Аҟәатәи Абаа аҩныҵҟа дыршьоит Қалышь-беи[3]. Иара иаамышьҭахь иҷкәын Аслан-беи аԥсҳас дҟалоит. Қьалышь-беи дызшьыз аӡәгьы издырӡом. Аха иҟоуп имаҷкәам аверсиақәа. Актәи версиа ала аҳкәажә Нино Адиан-Багратиони дылшьит, даҽа версиак ала (аурысцәа рверсиа) Аслан-беи иоуп ҳәа. Аха Станислав Лакоба иусумҭаҿы "Асланбеи" хара шидым шьақәирӷәӷәеит. Қьалышь-беи дамадоуп Аҟәатәи абаа аҩныҵҟа[1].

Қьалышь-беи дыԥсылманын, аҳәса рацәа раагара азин иман. Иԥсы ҭанаҵы, аҳ ԥшьынтә ԥҳәысс аагара дцон. Иара убасгьы иман ауадалықь, хыԥхьаӡара рацәала аҳәсақәа зҭаз[1]. Аха аӡәы заҵәык лоуп иаҳдыруа, "Идырым-ҳаным", аԥа Ҳалыл-беи дызхылҵыз[3]. Раԥхьатәи иԥҳәыс, 1778 шықәсазы, аҳкәажә Дыда-ҳаным Ӡаԥшь-иԥҳа лакәын, уи дихылҵит аҭауад Аслан-беи. Қьалышь-беи лареи ашьҭахь еилыҵуеит. Аҩбатәи иԥҳәыс, 1780 шықәсазы, нхаҩы Есма-ҳаҭын лакәын. Иара убри ашықәсан длоуит аҭауад Сафар-беи. Лыҷкәын диижьҭеи хышықәса ааҵуаны дыԥсит. 1783 шықәсазы Қьалышь ԥҳәысс дигеит Ҵабалтәи аҭауад Кац Амаршьан иԥҳа, аҳкәажә Рабиа-ҳаным. Анаҩс ԥҳәысс дааигоит аҳкәажә Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа[3].

  • аҳкәажә Нафҭаина-ҳаным-(?-1836-нӡа)
  • аҳкәажә Селма-ҳаным - лхәыҷраан дыԥсит.
  • аҳкәажә Селмагьына-ҳаным
  • аҳкәажә Гамедина-ҳаным
  • аҳкәажә Раби-ҳаным-(?-1836-нӡа)
  • аҳкәажә Росҭа-ҳаным-(?- 02.05.1808)
  • аҳкәажә Назифа-ҳаным

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,00 1,01 1,02 1,03 1,04 1,05 1,06 1,07 1,08 1,09 1,10 1,11 1,12 Гумба, М. В. Келешбей (1747—1808). Аҟәа — 2014. http://apsnyteka.org/2289-gumba_m_keledhbey_2014.html
  2. 2,0 2,1 Куакуаскир И. К. История Абхазии (С древнейшего периода до наших дней). 2010 ш. Сухум - Министерство образования - 2010 https://disk.yandex.ru/i/P49BKUWVVkLbQ
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 3,4 3,5 3,6 http://apsnyteka.org/file/Chikovani_Rod_abkhazskih_kniazey_Shervashidze.pdf
  4. Гумба, М. В. Сефербей. Аҟәа — 2017. http://apsnyteka.org/3623-Gumba_M_Seferbey_2017.html
  5. 5,0 5,1 Гумба, М. В. Гасанбей. Аҟәа — 2012. http://apsnyteka.org/2300-gumba_m_gasanbey_2012.html