Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа
Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа, Мықәтәи аепархиа — Аԥсны абжьаратә шәышықәсақәа раан аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы.
Аҭоурых
аредакциазураМатиане Қарҭлиса ишану ала, «Аԥсуаа» раҳ Леон III (957-967) иргылеит Мықәтәи ауахәама, иаԥиҵеит аепископцәа рҭәарҭа, иныҳәаны, Анцәа имчала ихиркәшеит.“ Уи аԥҵан Аԥсны ( Мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликосат аепархиақәа руакы аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акатоликос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, нас, XV ашәышықәса анҵәамҭаз иаку аҳра аполитикатә хыбгара ашьҭахь, Аԥснытәи ( алада-мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликос инапаҵаҟа. XVI ашәышықәсаз Одышьтәи самҭавро аԥҵара ашьҭахь, Мықәтәи аепископцәа иқәиргылон Одышьтәи ахада, ишьақәирӷ әӷ әон Аԥснытәи акатоликос. Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакуан аӡиасқәа Мықәи Кәыдри рыбжьара иҟаз атерриториа. Мықәтәи аепархиа архиереи Мықәтәи ҳәа ауп дышдыру. Иахьазы идыру раԥхьаӡатәи Мықәтәи аепископ хада Григол (XII ашә.) иоуп. Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иргылаз Мықәтәи ауахәама асаркьалсырҭаҿы асомҭаврули аҩырақәа рҿы, аполиграфиатә шәҟәқәа рҿы абарҭ аҩырақәа XII ашәышықәса ирыҵанакуеит ҳәа азгәаҭоуп. Анаҩсантәи еицырдыруа Мықәтәи архиереи, Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵаз аепископ хада Даниел иоуп. Мықәтәи акафедраҿ иоуранагӡара аепохас азгәаҭоуп XIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIV ашәышықәса алагамҭеи.
Мықәтәи аҩырацқьа (1300ш.) аҿы, ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵази ахҩылааҩи рышьҭахь дарбоуп Мықәтәи аепископ хада Абраҳам. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан XIV ашәышықәса актәи азбжазы. Аҩырацқьа ажәытәтәи анҵамҭаҿы иӡбахәы ҳәоуп Мықәтәи аепископ хада Амбриа, аха иара аус аниуаз апериод ашьақәыргылара уадаҩуп.
1360-тәи ашықәсқәа раан Мықәтәи акафедра дахагылан аепископ хада Лука Оӡрхели. 1363 шықәсазы иара, дныҳәарц азыҳәан, адгьыл цқьа аҿы дыҟан. Иара ихьӡ ҳәоуп XII-XIII ашә. иаҵанакәа ажәытә напҩырақәеи, иара убас, Вантәи ақәабқәа ирну аныҳәаратә ақәҩырақәеи рҿы. XV ашәышықәса иаҵанакәа Мықәтәи аҩырацқьа (1300.) ихьшәо аҩырақәа рҿы иӡбахәы ҳәоуп аепископ хада Филип Чхетиӡе. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан XV ашә. абжьаратә шықәсқәа рзы. XV ашәышықәса анҵәамҭаз аус иуан Саба Мықәтәи. Иара шаҳаҭс дарбоуп XV ашәышықәса анҵәамҭазы еиқәыршәаз Маӷ нараӡеаа ршьатә шәҟәы аҟны.
Анаҩстәи Мықәтәи архиереи Романоз иоуп, уи Ҭоԥуриӡеаа ршьатә шәҟәы аҿы шаҳаҭс дарбоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ашәҟәы 1484 - 1511 шш. ирыҵаркуеит, ишубарҭоу ала, Романозгьы убри аамҭазы аус иуан. Анаҩстәи Мықәтәи архиереи, аепископ хада Елиа иоуп (XVI ашә.). Иара иӡбаҳәы ҳәоуп ихаҭа иҿеиҵаз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы, уи аҟынтә ишубарҭоу ала, иара ҩ-кафедрак – Мықәтәии Драндатәии анапхгара рзиуан. XVI ашә. агәҭаны, инықәырԥшны 1543-1549 шш. рыбжьара, Имереҭтәи аҳ Баграт III (1550-1565 шш.) иаԥшьгарала имҩаԥыргеит мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара, уи ахдырра алаҟәреи ауахәаматә ҵасқәа реилагареи аԥыхразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазкын. Ауахәаматә еизара аднакылеит ауахәаматә аӡбаратә баҟа “Акатоликосцәа рзин”. Қырҭтәыла аԥшьаҩыхадацәа инрываргыланы, ари аизара далахәын Мықәтәигьы. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ахыҵхырҭақәа рҿы уи ихьӡ аанымхеит. Анаҩсантәи аамҭазы Мықәтәи акафедраҿы аус иуан аепископ хада Еԥвҭиме Саҟварелиӡе.
Уи аҿаҵа ҟаиҵеит (1560-1578 шш.) Метафрас ахҩылааразы, иӡбахәы ҳәоуп иара иҿаҵала ичаԥоу, Мықәтәи ауахәамаҿы ишьҭоу Анцәа Иан лныхачаԥа аҩырақәа рҿгьы. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан 1560-1578 шш. рзы. ԥыҭк ихьшәаны, 1578-1616 шш. рзы Еԥҭвиме Саҟварелиӡе Аԥсны акатоликосс дҟарҵеит.
1639-1640 шш. Одышьтәи самҭавроҿы иҟан Урыстәыла аҳәынҭқар Михаил Романов (1613-1645 шш.) ацҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 ш. жәабран 9 рзы урҭ Мықә иҟан, уа Мақсим Мықәтәи иԥылеит. Мықәтәи акафедраҿ иара иусура XVII ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа ирҭагӡоуп. Мықәтәи акафедралтә уахәама аныхақәа рыла ибеиан. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа уаҟа ирбеит аныхачаԥақәа рҿы иҷыданы иҟаҵаз аҭрақәа ирҭаз Лука Махаробели (агәырӷьажәабжь аазгаз), ацқьа Николаи атәатәахутә-уаҩи, ацқьа Лазари, адикәан хада ацқьа Стеԥанеи уҳәа уб. егь. иԥшьоу рцәеижьхәҭақәеи, аџьарқәеи, егьырҭ ацқьарақәеи.
1658 шықәса ԥхынгәы азы Одышьтәи самҭавро даҭааит Иерусалимтәи апатриарх Паисиос. Одышьтәи абаӷәаза Скәырчаҿ апатриархи ицыз ахаҿқәеи ирԥылаз Мықәтәи аепископ асасцәа акафедралтә ныхабаашҟа инаиԥхьеит, анеҩс, самҭавро аполитикатә центр ахь, Жәыргьыҭҟа инаскьеигеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, зыӡбахәы ҳәоу Мықәтәи архиереи ихьӡ ахыҵхырҭақәа рҿы иарбам.
XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Мықәтәи акафедра дахагылан аепископ Андриа. Уи дигәалаиршәоит 1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самҭавроҿы иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макариос. Зыӡбахәы ҳәоу Андриа Мықәтәи - иара иҿаҵала ичаԥоу, мықәтәи Анәца Иан лныхачаԥа ақәҩыраҿы зыӡбахәы ҳәоу Андриа Саҟварелиӡе иоуп. Антиохиатәи Макариос Андриа Мықәтәи атәы иҭиира аус дахьалахәыз азы ауахәама далицан, аепископс даҽаӡәы дықәиргылеит, аха уи ихьӡ иарбам. Ишубарҭоу ала, уи Мықәтәи акафедраҿ аҵыхәтәантәи аепископ Иакоб Мықәтәи иоуп.
XVII ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инадыркны, Мықәтәи аепархиа аамҭа цәгьа иҭагылан. Абри аамҭа инаркны аԥсуаа еиҭах Одышь ажәылара иалагеит. Аԥсуаа ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи иржәыланы ицәдырҳәуан. Иерусалимтәи апатриарх Досиҭеос идыррақәа инрықәыршәаны, дара акафедралтә ныхабаа, Қьачтәи ауахәама уҳәа, Мықәтәи аепархиа иқәырхит. Убри аамҭазы, Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә самҭавро агәҭаны иҟаз араионқәа рахь, ишәарҭам аҭыԥқәа рахь ииаргоит Мықәтәи аепархиа ацқьарақәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа, ауахәаматә шәҟәқәа, ауахәаматә аинвентар. ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Мықә иҟаз Анцәа дзыхшаз лныхачаԥақәа ҩба руакы Жәыргьыҭтәи ауахәамаҿ ирбеит, егьи ҽ Хобтәи аберҭыԥ аҿы. Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) - Мартвилтәи аныхабаахь ииаган, даҽа ҩырацқьак (XII-XIII ашә.) Џьруҷтәи аберҭыԥ аҿы иаарԥшын, уажәы уи Џьруҷтәи II аҩырацқьа ахьӡ ала идыруп. 1681 шықәсазы аԥсуаа рнапаҿы иааргеит Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭа, аӡиа Кьелашәыр аҟынтә аӡиас Егрисҵҟали (уажәы Аалӡга) аҟынӡа аҵакырадгьыл. Ари аҵакырадгьыл аҿы ақьырсиантә ныҳабаақәа аусура зрылшомызт, убри амшала, Мықәтәи аепархиа аԥыхын.
Алитература
аредакциазура- ბატონიშვილი ვახუშტი, აღწერა სამეფოსა საქართველოსა, ტექსტი დადგენილი ყველა ძირითადი ხელნაწერის მიხედვით ს. ყაუხჩიშვილის მიერ, - „ქართლის ცხოვრება“, ტ. IV, თბ., 1973;
- მაკარი ანტიოქიელი, ცნობები საქართველოს შესახებ, არაბულიდან თარგმნა თ. მარგველაშვილმა, - კრ. „არმაღანი“, III, თბ., 1982;
- ქართული სამართლის ძეგლები, ი. დოლიძის გამოც., ტ. I, თბ., 1963.
- Посольство дьяка Федота Ельчина и священника Павла Захарьева в Дадианскую землю (1639-1640 гг.), в кн. С. Белокуров, Материалы для русской истории, М., 1988;
- Путешествие патриарха Досифея с религиозным и политическим состоянием Грузии ХVII века, в кн.: М. Селезнев, Руководство к познанию Кавказа, Кн. 1, СПб., 1847.
- ლ. ახალაძე, აფხაზეთის ეპიგრაფიკა როგორც საისტორიო წყარო, I (ლაპიდარული და ფრესკული წარწერები), თბ., 2005;
- ე. თაყაიშვილი, არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში, _ კრ. „ძველი საქართველო“, ტფ., 1913-1914;
- ს. კაკაბაძე, სასისხლო სიგელების შესახებ, _ „საისტორიო მოამბე“, წ. II, ტფ., 1924;
- გ. კალანდია, ოდიშის საეპისკოპოსოები (ცაიში, ბედია, მოქვი, ხობი), თბ., 2004;
- ბ. ხორავა, მოქველ ეპისკოპოსთა ქრონოლოგიური რიგი, _ „საისტორიო ძიებანი“, I, თბ., 1998;
- ბ. ხორავა, მოქვის ომოფორის დათარიღებისათვის, _ „საისტორიო ძიებანი“, IV, თბ., 2001;
- ბ. ხორავა, ოდიშ-აფხაზეთის ურთიერთობა XV-XVIIIსს., თბ., 1996;
- თ. ჯოჯუა, მოქვის უცნობი ეპისკოპოსი ლუკა ოძრხელი (1360-იანი წწ.) და მისი ხუთი მინაწერი XII საუკუნის გარეჯული კრებულის (Vენ. 4-ის) აშიებიდან, კრ.: „ისტორიულ-ეთნოგრაფიული შტუდიები“, VI, თბ., 2003;
- თ. ჯოჯუა, რამდენიმე ახალი ცნობა მოქველი ეპისკოპოსის ლუკა ოძრხელის (1360-იანი წწ.) ბიოგრაფიისათვის, კრ.: ახალგაზრდა მეცნიერთა ასოციაცია. II რესპუბლიკური სამეცნიერო კონფერენციის შრომების კრებული, ქუთაისი, 2004.