Мықәтәи ауахәама
Мықәтәи ауахәама — Аԥсны иҟоу акафедралтә уахәама Мықә ақыҭан, Очамчыратәи амуниципалитет аҿы, Аԥсны. Иргылан Аԥсны аҳ Леон III-тәи (957-967) ихаан. Ауахәама хнышьк аман, аха, анеҩс, аҟәырӷԥшра змоу уахәамас иҟарҵеит. Агәҭаны иҟоу (аныҳәарҭатә) апсида аҩнуҵҟала аҽеимаа аформа амоуп, адәахьала акцақәа хәба амоуп. Аҟәырӷ ахыбра агәҭаны иргылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп. Зкәакьҭа иашоу ашьаҭа аҟынтә аҟәырӷ абарабан гежь аҟынӡа ииасуеит аԥра ала. Адәахьала абарабан лаҟә 12 ацкақәа амоуп. Ахыбра иҩычоуп ицәу ахаҳә ала. Афасад аҩычара амам. Ауахәамаҿы ибеиаз аскрипториум иҟан, уи шьақәдырӷәӷәоит иахьанӡагьы иаанханы иҟоу анапҩырақәа.
Ҩ-ӡиаск, Мықәи Кәыдри ирыбжьоу аҵакырадгьыл акәын Мықәтәи аҷкәандарцәа ирҭыԥыз. Х-нефк змоу акуполтә уахәама аҭӡынҵақәеи асахьақәеи анын, уи шьакәдырӷәӷәоит иҳ аҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы ирбаз, XIV -ашықәсқәа I азбжа иаҵанакуа асахьаҭыхымҭақәа. Мықәтәи аҷкәандарцәа ақтивла иалахәын атәыла аԥсҭазаара.
Аҭоурых
Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа Мықә ақырҭуа культура хыҵхырҭас иҟан, уаҟа ихырҩаалон анапҩыра ҿыцқәа, иара убас, ажәытә напҩырақәа идырҿыцуан. Иахьагьы иаанханы иҟоу Мықәтәи аскрипториум анапҩырақәа рҿы Мықәтәи аусзуҩцәа рыхьӡқәа ҳәоуп. Мықәтәи ажәытәрақәа рҟынтәи ҷыдала иалкаатәуп Мықәтәи адинтә аизга. Мықәтәи ауахәама аепиграфикатә баҟақәа рылагьы ибеиан, аха, иахьанӡа иаанханы иҟоуп асаркьалсырҭа адҩыла мацара.
1557-1558 шықәсқәа рзы аҳ Баграт III-и (1490-1565) акаталикос Евдемон Чхетисӡеи рыԥшьгарала Имереҭи имҩаԥгаз ауахәаматә аизара далахәын Мыкәтәи аҷкәандаргьы. Мықәтәи аберҭыԥ акрызҵазкуаз адоухатәи акультуратәи центрын. Уаҟа иҟаз аскрипториум аҿы ахырҩаалон анапҩыра ҿыцқәа. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла акаталикос Еԥтвиме Саҟварелиӡе (1578-1616) (уаанӡатәи Мықәтәи аҷкәандар хада) нҿаҵарала Мықә ихҩылаан анапҩырақәа - аметафраси адинтә аизгеи.
Аамҭак иналагӡаны Мыкә аус руан акатолик-миссионерцәагьы. 1615 шықәсазы акатолик Патр Лиуи Гранжие аиезуитцәа рорден аинрал Клод Аквавива Мыкәынтә изишьҭит арелацион наӡа. 1639 шықәсазы Мықә иаҭааит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Ҭеодор Елчини Павел Захариеви. Абертыԥ аҿы урҭ ирбеит раԥхьаӡа иргәаҟыз Степан иԥшьоу ибаҩкәеи Аџьар цқьа ахәҭаки. Гыртәыла иҟаз фҽҷкәандаррак рыгәта Мықәтәи ачкәандаррагьы дахцәажәеит Италиатәи амиссионер Арканџьело Ламберти. Абри ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Мықә иҟаз Антиохиа апатрнарх Макариос III аԥсуаа рыхәҭак аӡы изааихит. XVII ашәышықәса анҵәамтазы Мықәтәи аҷкәандарра ауранагӡара иаҟәыҵит. Аамтак иналагӡаны аныхабаа ԥхастахеит, аҳаскьын иагеит. Ауахама аҭагылазаашьа цәгьа иалацәажәоит Мари Броссеи (уи ауахәама ибеит 1848 шыкәсазы) Дмитри Бақраӡеи (ауахәама даҭааит 1859 шыкәсазы). XLX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба иԥшьгарала, ауахәамаҿы имҩаԥган арҽеирааиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Аҭыӡсахьақәа акьыр рхьыршьит, адәахьалагьы ахыбра аԥшра рыԥсахиг. 1866 шықәсазы Мықәтәи аухуамаҿы анышә дамадан 1864 шықәса инаркны Воронеж ахҵәара зхызгоз Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба (1806-1866).
XX ҽтәи ашәышықәса 60-тәи ашыкәсқәа рзы Мықәтәи ауахәамаҿ ареставрациатә усурақәа мҩԥырган, икыдырхит XIX ашәышықәса иатәыз аҿыгҳара. Абри аусурақәа ирыхҟьаны ахыбра аиуит уажәтәи ахәаԥшыша.
2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьаан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа[1].
Алитература
- «Мықәтәи анапҩырагьы», Ақарҭ, 2015.
Азгәаҭақәа
- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-31 шықәсазы.