Тапаӷәуа, Џьота Константин-иԥа

Џьота (Џьадон) Константин-иԥа Тапаӷәуа (аур. Джота Константинович Тапагуа; цәыббрамза 201924 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араионлаҵарамза 12013 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аиҭагаҩ.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1924 шықәса цәыббрамза 20 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион.

1940 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә тухникум, далгоит 1944 щықәсазы

1953 шықәсазы далоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, далгоит 1957 щықәсазы.

Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра.

Апедагогтә наукақәа дыркандидатуп.

Акьыпхь аҿы дцәырҵит 1958 шықәса инаркны.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Аԥхьатәи ашьаҿа. Аҟәа, 1958 щықәса.
  • Иҷырҷыруеит ажәҵыс. Аҟәа, 1961 шықәса.
  • Арҵу-каԥа. Аҟәа, 1966 щықәса.
  • Арбаӷь ԥагьа. Аҟәа, 1970 шықәса.
  • Кәадац имархәац. Аҟәа, 1973 шықәса.
  • Иалкаау. Аҟәа, 1974 шықәса.
  • Сареи саҳәшьа хәыҷи. Аҟәа, 1979 шықәса.
  • Адеи аибани. Аҟәа, 1982 щықәса.
  • Иалааку. Бзиа избоит ашьыжь. Аҟәа, 1984 шықәса.
  • Иухоумыршҭын. Аҟәа, 1986 шықәса.
  • Сҩызцәа хәыҷкәа шәахь. 1990 шықәса.

Алитература аредакциазура

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 921

Азхьарԥшқәа аредакциазура