Хыхьтәи Иашҭхәатәи ауахәама

Хыхьтәи Иашҭхәатәи ауахәама (ақырҭ. ზემო იაშთხვის ეკლესია) — Аԥсны Хыхьтәи Иашҭхәа ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан заатәи абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп.

Иаанханы иҟоуп аргыламҭа мрагыларахьтәи аҭӡамц аҩадатәи ахәҭа. Аҳаш иалхны иргылан. Мрагыларахьала аџьҵла ду гылоуп, уи ныхас ишьан. Аныҳәарҭа наҟ-ааҟ, адгьыл аҿы ишьҭоуп аҵыргақәа. Ауахәама мрагыларахьала акәын ашә ахьамаз.

Азхьарԥшқәа аредакциазура