Баҭал-беи — аҳиԥа. Қьалышьбеии Рабиа-ҳаным рыҷкәын[1].

Баҭал-беи Чачба
Аира 1787
Аԥсуа Аҳра
Аԥсра ~1842
Ҭырқәтәыла
Анхарҭа Мархьаул
Адин аԥсылманра

Абиографиа

аредакциазура

Баҭал-беи диит 1787 ашықәсазы, Аԥсҳа Қьалышьбеии аҳкәажә Рабиа-ҳаными рҭаацәараҿы[1]. Иашьа гәакьа Аслан-беи иареи еиҩызцәан. 1804 шықәсазы Қьалышь-беи Гәымтәи агьежьыра Ҳасан-беи аниҭаз, иашьцәа еиҵбацәа, даҽакала иуҳәозар, Баҭал-беи рхылаԥшрагьы идиҵеит[1]. 1808 шықәсазы лаҵарамза 2 азы ахәра ӷәӷәа иоуит. Уи аиӷьхара дшаҿыз, агырцәа Аҟәа-Қале иақәлеит, Сафар-беи дук мырҵыкәа Баҭал-беи иани иареи иоуишьҭит. 1821 шықәсазы нанҳәа акы азы аҭауадацәа Амаршьанааи иашьцәеи иҭынхацәеи дрыцны аҳәынҭқарԥҳәыс Ҭамар лмазара дақәлеит[2]. Мархьаул дынхон, аха хара имгакәа Ҭырқәтәылаҟа диасит, уаҟа 1840-тәи ашықәсқәа рзы дыԥсит[1].

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Гәымба Михаил, Аԥсҳа Дырмит (Омар-беи), Аҟәа, 2019.