Есма-ҳаным Қучуқ-беи иԥҳа Чачԥҳа (17931825) — аԥсҳа Аслан-беи иҳәса.

Есма-ҳаным Чачԥҳа
аҳкәажә Есма
Аира 1793
Ԥуҭ
Аԥсра 1825
Адин аԥсылманра
Ахаҵа Аслан-беи Чачба
Амаҵура аҳкәажә

Абиографиа

аредакциазура

Диит 1793 шықәсазы Ԥуҭ.[1] Лаб Ԥуҭтәи акомендант Қучуқ-беи иакәын. Есма-ҳаным лахь ахшыҩзышьҭра ду аадыр-ԥшуан. 1808 шықәсазы лаб аԥсҳа Аслан-беи дицхрааит. Абри ахҭыс ашьҭахь 1809 шықәсазы, жәаф шықәса зхыҵуаз Есма ԥҳәысс дигеит аԥсҳа Аслан-беи (иара уи аамҭазы ихыҵуан ҩажәи жәеиза шықәса).[1] Лара анхара далагеит Аҟәа, лхаҵа иаҳҭынраҿы. Адырҩаҽны ачара ду руит, уи атәа иҳәоуп Аслан-беи изку ашәаҿ:

" Убас иагьыҟалеит Аслан-беи

Мас-иԥҳа Есма лыԥшәма иакәхеит

 
Есма-ҳаным лхаҵа — аԥсҳа Аслан-беи Чачба

Асасцәа рацәаҩны еизеит

Ҿыц еибагаз рзы аҳамҭақәа рацәаны ирзааигеит

Шәкыла ауасақәеи аџьмақәеи

Аҭқәа ҟәазқәа ашҭа ҭбаа инҭаргылеит

Ауарҳалқәеи, ачыҭқәеи, ашқәеи, амаҭәақәеи

Урҭ ацәыргақәҵазы ауадаҿы иқәыргылан "[2]

Есма ахәыҷы длыхшоу ҳаздыруам, избанзар Аслан-беи даҽа ԥҳәыск диман - Дида-ҳаным Гьачԥҳа. Иара убас ҷкәынк диман - Шьырын-беи. Дида ма Есма иԥа иан лакәын, уи еилкка идырым. 1810 ш. ԥхынгәы 10 рзы, аурысцәа Аԥсны иақәлеит. Аслан-беи дыбналеит, аха Есма дицзоу атәы ҳаздыруам. Ма лара дицны Саӡныҟа ддәықәлеит, ма Аҟәа даанхеит. 1825 шықәсазы аҳкәажә Есма лыԥсҭазаара далҵит.[1]

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рашьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Ари ашәа ианиҵит агерман шәҟәыҩҩы - Фридрих Боденштедҭ.