Ҷкадуа, Шьоҭа Еугьан-иԥа
(«Шоҭа Ҷкадуа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Шьоҭа Еугьан-иԥа Ҷкадуа (аур. Шота Евгеньевич Чкадуа; нанҳәамза 20, 1932 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион — ажьырныҳәамза 2, 2003 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, асатирик, адраматург.
Абиографиа
аредакциазураДиит 1932 шықәса нанҳәамза 20 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 2003 шықәса азы. Джуп Кәтол ақыҭа.
Аҵара иҵон Кәтолтәи, Тамшьтәи ашколқәа рҿы.
1952 шықәсазы Шоҭа Ҷкадуа дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭкарратә педагогтә институт. Далгеит 1956 шықәсазы.
Акыр щықәса инеиԥынкылан аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿ, литературатә усзуҩыс, Аҟәша аиҳабыс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1946 шықәсазы, поет ҳасабла /рапхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьуп агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», «Альманах» рдаҟьақәа рҿы.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 922