Ӷумуришьтәи (Сагергаотәи) ауахәама

Ӷумуришьтәи (Сагергаотәи) ауахәама (ақырҭ. ღუმურიშის (საგერგაიოს) ეკლესია) — Аԥсны Ӷәымрышь ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан XI ашәышықәса I азбжеи XIX ашәышықәсеи рзы. Ауахәама игылоуп ақыҭа аҩада-мраҭашәаратә ахәҭаҿы, Оқумисҵҟали арӷ ьаратәи аҟәараҿы, анаараҿы, Сагергао ҳәа изышьҭоу аҭыԥан. Ауахәама адәахьала ихҟьан ихыу ахаҳәла. Ауахәама иргылан XVI ашәышықәсазы уаанӡа абрааҵәҟьа иҟаз, XI ашәышықәса иаҵанакәаз нефктәи азалтә уахәама ауасхыр аҿы. 1955 шықәсазы ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы аарԥшын ақырҭуа асомҭаврули адҩыла зныз ахаҳәҟьаԥс:

«ღმერთო, შეიწყალე ორთავე ცხოვრებასა შინა ამის ტაძრისა მაშენებელი დეოფალთ-დეოფალი საგდუხტ, ნიანიას ასული. ამენ.»

Адҩыла ҟаҵан XI ашәышықәсазы. Ахаҳәҟьаԥс Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы ишьҭоуп. Ауахәама ихкаан ахаҳәгәалқәа ирылхыз агалуан ала.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура