Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа
Самсон Иаков-иԥа Ҷанба (аур. Самсон Яковлевич Чанба; рашәарамза 18, 1886 ш., Аҭара ақыҭа, Очамчыра араион — 1937) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апоет, апублицист, арккаҩы, аполитик, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы.
Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа | |
---|---|
Самсон Иаков-иҧа Ҷанба | |
| |
Аполитикатә партиа | |
Алахәылара |
Коммунистическая партия Абхазии Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа |
| |
Аира |
рашәарамза 18, 1886 ш. Аҭара-Аҧсуа |
Аԥсра | 1937 ш. |
Атәылауаҩра | Асовет Еидгыла |
Абызшәақәа | Аурыс бызшәа |
Аусура |
аполитик, апоет, ашәҟәыҩҩы |
Абиографиа
аредакциазураДиит 1886 шықәса рашәарамза 18 рзы Аҭара ақыҭа Очамчыра араион. Дҭадырхеит 1937 шықәсазы.
1893 шықәсазы С. Ҷанба дҭалеит Драндатәи /Ҵҟыбынтәи/ ауахәаматә школ, уи даналга, Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол даанахәоит, далгоит 1907 шықәсазы. Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, иара абри ашықәсан, рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақәҭан /аҵаҩцәа аԥсшәа риҭон/, аха, дук мырҵыкәа, иусура даҟәыхын, арҵаҩ изанааҭ ахь-имамыз дахырҟьаны. Ашьҭахь, иҵара ацҵаразы, С. Ҷанба ҩаԥхьа Қырҭтәылаҟа дцоит, дҭалоит Хонтәи арҵаҩцәа рсеминариа, далгоит 1914 шықәсазы.
Аԥсныҟа даныхынҳә иара абри ашықәс инаркны, ҩаԥхьа Кәтолтәи алагарҭатә школ аҿы аусура далагеит: рҵаҩыс, ашкол ахылаԥшҩыс.
1915 шықәсазы С. Ҷанба диасуеит Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь. Абраҟа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит, нас, 1916 шықәсазы, диаргоит Аҟәаҟа, Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿ иеиҿкааз алагарҭатә школ аиҳабыс, иара асеминариаҿ, хазы, аԥсуа бызшәеи агеографиеи рмаҭәарқәагьы дирҵон.
Абраҟа аус иуан Аԥсны асовет мчра шьақәгылаанӡа.
1921 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа С. Ҷанба дахагылан аҵара ус азы Жәлар Ркомиссариат /Наркомпрос/.
1923 шықәсазы С. Ҷанба даредакторын агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» - аҵара ус аҿтәи имаҵура иалагӡаны.
1923-1930 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥсны Ацентр Нагӡара Комитет /ЦИК/ дахантәаҩуп.
1930 шықәсазы уи ҩаԥхьа аҵара ус азы Жәлар ркомиссарс /министрс/ дҟарҵоит, араҟа аус иуеит 1932 шықәсанӡа.
1934 шықәсазы С. Ҷанба далахәуп СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Актәи аизара ду.
1932-1937 шықәсқәа рзы С. Ҷанба Аԥснытәи Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла данапхгаҩуп.
Абиблиографиа
аредакциазура- Цәгьаӡа дыссирын лара /Апоема «Ашьха ҭыԥҳа» раԥхьатәи ахьз/. Агазеҭ «Аԥсны», 14, 1919 шықәса.
- Ашьха ҭыԥҳа /Аԥсны/. Акәа, 1925 шықәса.
- Аԥсадгьылҵара. Арҵага шәҟәы. Акласс еиҵбырақәа рзы. Аҟәа, 1925 шықәса.
- Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934 шықәса.
- Иалкаақәоу. Аҟәа, 1958 шықәса.
- Иалкаау. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1986 шықәса.
Алитература
аредакциазура- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 901-902
Азхьарԥшқәа
аредакциазура- Чанба Самсон Яковлевич (аур.)
- Ҷанба Самсон Иаков-иҧа (аԥс.)
- ҚАПԤҲА, Арифа. Самсон Ҷанба: аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс (Abaza.org). ажьырныҳәамза 29, 2020 ш..