Терент Михаил-иԥа Ҷаниа (аур. Терентий Михайлович Чаниа; жәабранмза 101937 ш., Кәтол Ақыҭа, Очамчыра араионжәабранмза 32021 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, апублицист.

Абиографиа

аредакциазура

Диит 1937 шықәса жәабранмза 10 рзы Кәтол Ақыҭа Очамчыра араион.

Аҵара иҵон Қәтолтәи, Тамшьәи ашколқәа рҟны.

1955 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт. Дадгоит 1960 шықәсазы.

1987 шықәса инаркны акыр аамҭа директорс даман ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара».

Дҭынчхеит 2021 шықәса жәабранмза 3 рзы COVID-19 азҩа иҿынтә.

Абиблиографиа

аредакциазура
  • Сылашара. Аҟәа, 1965 шықәса.
  • Ашымҳа амҵан. Аҟәа, 1970 шықәса.
  • Ашлақәа рқәыԥшра. Аҟәа, 1975 шықәса.
  • Иама-иама ицеит. Аҟәа, 1979 шықәса.
  • Ҭагалантәи ашәа. Аҟәа, 1980 шықәса.
  • Бара быда. Аҟәа, 1983 шықәса.
  • Ииасуа аԥхынра. Аҟәа, 1987 шықәса.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 928

Азхьарԥшқәа

аредакциазура