Ԥақәашьтәи ауахәама „Абаа“
Ԥақәашьтәи ауахәама „Абаа“ (ақырҭ. ფოქვეშის ეკლესია „აბაა“) — Аԥсны Ԥақәашь ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан абжьарашәышықәсақәа раан. Анефктәи азалтә ргыламҭоуп. Иргылоуп избаиҵәҟьаны ихыу ахаҳәдуқәа рыла. Ауахәама аҭӡамцқәа 1,5 м. аура иаанханы иҟоуп. Ауахәама ихкаауп ахаҳәырҷҷеи ақьыртәеиларшьшьи ирылху агалуан ала, уи алада-мрҭашәаратә ган аҟынтә аҩналарҭа амоуп. Аҭыԥантәи аԥсуаа уи „Абаа“ ҳәа иашьҭоуп. 2018 шықәса нанҳәазы, Қырҭтәыла акультуратә ҭынха ахьчара амилаҭтә агентра ала абриауахәама акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьан.