Агрба, Владимир Бабахь-иԥа

Бладимир Бабахь-иԥа Агрба (аур. Владимир Бабахович Агрба; ԥхынгәымза 101935 ш., Кәтол, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССРхәажәкырамза 292020 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩ, алитератураҭҵааҩы, афольклорист.

Абиографиа аредакциазура

Диит 1935 шықәса ԥхынгәымза 10 рзы [Кәтол]] ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР. Иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәса хәажәкырамза 29 рзы.

Иҵара иҵон Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны далгеит, 1950 шыкәса иҵара иациҵеит Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Абжьаратәи ашкол далгеит 1954 шықәсазы. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит 1959 шықәсазы. Иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантура 1965 шықәсазы.

1959-1961 шш. раан Кәтолтәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны дырҵаҩын, нас, хышықәса усурҭада дыҟан. 1968 шықәса аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дрыдыркылеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аԥсуаҭҵаара аинститут) аҟны. 1975 шықәса нахыс – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 2012 шықәса инаркны – усзуҩы хадас.

Абиблиографиа аредакциазура

  • Абхазская поэзия и устное народное творчество, Қарҭ, 1971
  • Ашәҟәыҩҩи жәлар рырҿиамҭеи. Алитера-ҭҵааратә статиақәа. Аҟәа, 1977
  • Аԥсҭазаареи ахәрыбӷьыци. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1980
  • Из истории дореволюционной абхазской литературы. Сухуми, 1988
  • Р. Лашәриа. Арҿиаратә потреҭ. Аҟәа, 2013
  • Б. У. Шьынқәба ипоезиеи жәлар рҿаԥыц рҿиамҭеи. Аҟәа, 2014

Азхьарԥшқәа аредакциазура