Кац II Адиан – 1758 инаркны 1788 рҟынӡа Гыртәыла аҳс (мҭаварс) дыҟан.

Кац II Адиан
კაცია II დადიანი
Гыртәыла аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1757 – 1788
Аԥхьа иҟаз Отиа
Аҭынха Гьыргәал


Аира ?
Гыртәыла аҳра
Аԥсра 1788
Гыртәыла аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Марҭвил
Аԥҳәыс

1) Дареџьан Шарвашиӡе (Чачба) 2) Елизавета Багратионԥҳа

3) Анна Ҵулукиӡе
Ани аби Отиа Адиан, Гәылкан Раҷатәи
Ахәыҷқәа

аԥацәа: Гьыргәал, Отиа, Бежа, Манча, Ҭариел, Бесарион, Гьаргь, Леуан, Иуана

аԥҳацәа: Елизавета,

Ҭамар, Мариам

Аҿара. Аҳра аҭынха

аредакциазура

Кац Адиан диит аҳ Отиа Адиани уи иԥшәмаԥҳәыси Гәылкани рҭаҳцәараҿ. Отиа Адиан иқәрахь инеихьаз, Кац агырцәеи леҷхәымцәеи злахәыз абаталион дахагыланы, Мырзаҟан анапхгаҩы Хәҭын Чачба дицны, Гыртәылеи Аԥсни рҳәаатә қәыларахь идәықәлеит. Ԥхынҷкәынымза 14 рзы Кац Окрыбтәи адәкаршәрақәа рҿы аҳтә аруаа дырԥылеит. Урҭ еицны Крессилитәи аибашьраҿы османцәа ирҿагылеит. Аҭырқәцәа хыԥхьаӡарала ишеиҳазгьы, ақырҭуа-аԥсуа еидгыла ампыҵахалаҩцәа рҿаԥхьа аиааира ду ргеит. Ари аибашьраан Салуман I хаҭала османтәи архада Гола-ԥашьа дишьуеит, Хәҭын Чачба игәыԥ афырхаҵара аадырԥшуеит, уи Хәтын дышҭахазгьы, иӡбатәны иҟалоит.

Иаб иԥсра ашьҭахь 1757 ашықәс азы Гыртәыла аҳс дҟалеит. 1759 азы, мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматәи адунеитәи ахаҭарнакцәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ҟазҵаз дыруаӡәкын, Салуман I ԥкра зқәиҵаз амаҵуҩцәа рыҭира еиҭалагаразы Османтәи адҵақәа рҿагылара азы ажәа ҟазҵаз[1].

Имереҭи иареи реиҿагылара

аредакциазура

Каци Салумани реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит, 1765 шықәсазы Адиан Османтәи амчра анапаҵҟа дшаалазгьы, насгьы Салуман иаӷацәа, Имереҭ изакәаным аҳ Темыри, Росҭом Раҷатәии, 1766 шықәсазы дышрыдгылаз азы. Кац аҳ иҭыԥ ицәыӡырц дшәон, 1769 шықәсазы Салуман инапы ианылаз Раҷа еиԥш. Кац имчра арӷәӷәара иҽазишәеит, Гыртәыла азы хазы уахәамак ҟаҵаны, имереҭтәи уахәама иахьыԥшымкәа, Росҭом Раҷатә иашьа Бесарион аԥсқәабазхадас дҟаиҵеит[2].

Аҭырқәа еибашьра

аредакциазура

1768-1774 шықәсқәа рзы аурыс-ҭырқә аибашьраан Кац раԥхьаӡа акәны аҭырқәцәа дрыдгылеит, Салуман иакәзар, аурысцәеи иареи аиҩызара рыбжьарҵеит. 1769 шықәсазы ԥхынҷкәынымзазы Салуман Каци Зураби рҿаԥхьа аиааира игеит, ашьҭахь Гыртәыла дақәлеит. Убасҟан Кац иӡбеит аурыс ир Имереҭ иахьыҟаз, Салуман ар рхы, аграф Тотлебени реизыҟазаашьа уадаҩқәа ихы иархәаны, аурыс аимперԥҳәыс Екатерина Ду дизиашаны дшыҟаз ала аҭоуба ҟаиҵеит. Тотлебен ихаҭыԥуаҩ аинрал Сухотин аиҿагылараҿы абжьаҟазара иҽазишәеит, аха Салуман иҭаххеит Гыртәыла аҟны имчра арӷәӷәара, иара убасгьы Леҷхәымтәи атәылаҿацә азы аимак иӡбатәуп ҳәа иҳәеит[3]. Сухотин агыруа баӷәаза Ԥуҭ ахьизымгаз азы Адиан ахара идиҵеит. Ари ашьҭахь Кац аурысқәеи иареи реизыҟазаашьақәа аҵыхәа ԥҵәеит.[2]

Аҳраура аҵыхәтәа

аредакциазура

1776 ашықәс азы Салуман Кац мчыла дидицалеит иара имчра дақәшаҳаҭхарц, насгьы Имереҭтәи ауахәама амчра дақәшаҳаҭхарц. Гыртәыла аҭынчратә еиқәшаҳаҭра ахәарҭа аанагеит, избан акәзар Имереҭ ицхыраарала 1780 шықәсазы Рухь иақәлаз аԥсуа-зыхәтә ржәылара аанкылараҿы акырӡа иаҵанакуан. Нас Кац Аԥсны иҽалаирхәит, аҳ Зураб дицхрааны аамҭа кьаҿк иалагӡаны Қьалышь-беи Аҟәантәи ихцара азы[2].

1784 ашықәс азы Адиан Салуман диҭиит Баҭым аҩадахьы аҭырқәа атәылаҿацә ахь имҩаԥигоз ихлымӡаахыз аекспедициа аан. Уи ашықәс азы Салуман иԥсра ашьҭахьтәи амчразы аиҿагылараҿы, Кац Имереҭ аҳ ҿыц Дауҭ II, иуа акыр зҵазкуа аусқәа изыҟаиҵеит, уи азы акыр зҵазкуа аҳамҭақәа иоуит[2].

1788 шықәсазы Кац II Адиан иԥсҭазаара далҵит, Марҭвилитәи аберҭыԥ аҿы анышә дамадоуп. Уи ихаҭыԥан 18 шықәса зхыҵуаз иԥа Гьыргәал аҳс дҟалеит[2].

Кац II Адиан хынтә аҭаацәара далалеит. Раԥхьатәи иԥҳәыс аԥсуа аҳкәажә Дареџьан Чачба лакәын, урҭ еилыҵит. 1765 ашықәс азы Кац иԥҳәысс дааигоит аҳԥҳа Елизавета Багратионԥҳа, Кахьеҭтәи Ҭемыр II иԥҳа. Ихԥатәи, аҵыхәтәантәи иԥҳәыс аҳкәажә Анна Ҵулукиӡе лакәын, аимереҭтә аҭауад Пааҭа Цулукиӡе иԥҳа. Кац ԥыҭҩык ахшара иоуит[4]:

  • Гьыргәал (Григол) Адиан (1770-1804), Мегрелиа анапхгара зуаз аҳәынҭқар (1804 инаркны)
  • Адиан Отиа, аҭауад
  • Адиан Бежьан, аҭауад
  • Манча II Адиан, Гыртәыла аҳ (1792-1795) (иашьа амчра имхны). Нас иашьеиҳаби иареи еинышәеит. 1804 ашықәс азы Урыстәыла дизиашаны дшыҟоу аҭоуба ҟаиҵеит.
  • Ҭариел Адиан, Гыртәыла аҳ (1802-1803) (иашьа амчра имхны).
  • Адиан Бесарион (?—1823/8), Чҟондид аҷҟәандархада
  • Адиан Гьаргь, аҭауад
  • Адиан Леуан, аҭауад
  • Адиан Елизавета, аҳкәажә, ԥҳәысс диман аҭауад Росҭом Папун-иԥа Ҵереҭели
  • Адиан Иуана, (1777-1823), аҭауад, Цагертәи аҷҟәандар, Чҟондидтәи аҷҟәандархада
  • Адиан Мариам (1783 - 03/19/1841), аҳкәажә. Лара ԥҳәысс дигеит Имереҭ аҵыхәтәантәи аҳ (1789-1810) Салуман II (1773-1815)
  • Адиан Ҭамара (1790-1818), аҳкәажә, ԥҳәысс дигеит Аԥсны аҳра зуаз аҳ Гьаргь Чачба

Азхьарԥшқәа

аредакциазура
  1. Ленг Девид Маршал, Ақырҭуа амонархиа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа, Ниу-Иорк: Колумбиатәи ауниверситет апресса, 1957.
  2. 2,0 2,1 2,2 2,3 2,4 Бераӡе Т., Кац II Адиан. Ақырҭуа советтә енциклопедиа, Қарҭ: Мецниереба, 1980. — ад. 444.
  3. Гвоздев Н. К., Аимпериатә политикеи Қырҭтәыла аганахьала аԥеиԥшқәеи, 1760–1819., Ниу-Иорк: Полграв, 2000.
  4. Гребелски П. Х., Урыстәылатәи аимпериа аамсҭара рҭаацәарақәа. Қырҭтәыла Аҳра аҭауадацәа, т. 4-тәи, 1998.