Гыртәыла аҳра
Агыртәылатәи Аҳра, Гырны, Агыртәыла (агыр. სამარგალოშ ოთარე, ოდიშიშ ოთარე, ақырҭ. სამეგრელოს სამთავრო, ოდიშის სამთავრო) — XVI-XIX -тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҳра (самҭавро).[1]
Гыртәыла аҳра | |
---|---|
агыр. სამარგალოშ (ოდიშიშ ) ოთარე ақырҭ. სამეგრელოს (ოდიშის) სამთავრო | |
Аҳҭнықалақь | Жәыргьыҭ |
Ашьақәгылара | 1442 ш. |
Аӡра | 4иул. / ԥхынҷкәынмза 16, 1803 ш.грег. |
Аофициалтә бызшәақәа | агыршәа, ақырҭуа бызшәа |
Абызшәақәа | Агыруа бызшәа |
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара | ҩык |
Адин | Аиашахаҵаратә қьырсианра |
Аҭоурых
аредакциазураXV ашәышықәса анҵәамҭазы еидызкылаз Қырҭтәыла аҳра ԥшь-хәҭакны еиҟәшеит: Қарҭли, Кахеҭ, Имереҭ, Самцхе-Сааҭабагәа аҳра. Атәыла афеодалтә еиҟәыҭхара апроцесс еицәахеит, Имереҭ аҳра аҩныҵҟа ишьақәгылеит Гәриеи Агыртәылеи рыҳәынҭқаррақәа. XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы Агыртәи (Одиша) ҳәынҭқарра иаҵанакуан Одишеи Цхәымеи. Аҳәынҭқарра атерриториа инаӡон Цхениҵҟали аӡиас инаркны Анаҟәаԥиҵсҟали аӡиас аҟынӡа, уажәы Ԥсырӡха аӡиас (иахьатәи Аԥсны иаҵанакуа). 1615 шықәса аҟынӡа, Агыртәылеи Гәриеи Ҭырқәтәыла анапаҵҟа иаан, мчыла аҳазалхра ршәо иалагеит. Џьовани де Луккеи Арканџьело Ламбертии изларҳәо ала, 1650 шықәсазы Агыртәыла аҳәаа Кәыдрыи Цхениҵҟали аӡиасқәа рыбжьара иҟан. Убасҟан ауп Аԥсуа ҳәынҭқарра адгьылқәа анаархынҳәыз.
Иҿыцу адинастиа.
аредакциазура- Леуан II Адиан данԥсы ашьҭахь (1657), Агыртәылатәи аҳра ирласны иԥсыҽхеит. XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, аҳраҿы аилаҩынтра ҟалеит, уи иахҟьаны аамсҭашәара рышьҭратә рқыҭақәа рцәыӡит, Адианаа аҳра зуаз аҳцәа рызегьы ахҵәарахь идәықәлеит. Амчра импыҵихит аҳҭынрауаҩ Кац Ҷкәан. Аамсҭацәа имчра рыдымкылеит, убри аҟнытә аиҿагылара ҟалеит, уи хыркәшахеит Кац иԥа - Гьаргь IV Липартиани аҳс дҟалеит, уи аҳәынҭқарцәа рыжәла Адиан идикылеит. Аԥсны аҳратә ҭаацәара ахаҭарнак Шәарах Чачба Агыртәыла аҭауадтә тәарҭа азы ақәԥара далахәын, уи ақәҿиарақәа иоуит, Агыртәыла адгьылқәа Аалӡга аӡиас аҟынӡа игеит (уажәтәи Очамчыра араион зегьы шамахамзар), Бедиа игеит, 1683 шықәса ашьҭахь аӡиас Егры. Имереҭтәи аҳцәа аԥсуа ҭауадцәа рыӷәӷәареи рыԥхьаҟа ацареи хьаас иҟаҵаны, агырцәеи дареи аинышәара рыбжьарҵеит, нас еицырзеиԥшу рымчқәа рыла 1702 шықәсазы Шервашиӡе дааныркылеит, аха уи ашықәс инаркны Егры Аԥсны амрагыларахьтәи аҳәаа ҳәа иаанхеит. Чачаа иаанхаз Агыртәыла агара ахьрылымшаз азы, Егры иаарласны Аԥсны иахәҭакны ирылаҳәан.
Урыстәыла ахәҭакхара.
аредакциазураАгыртәыла анапхгара зуаз аҳ Григори I Адиан, 1803 ашықәс азы Урыстәылатәи Аимпериа атәылауаҩыс дҟалеит, атәылауаҩратә усқәа рҿы автономиа иман. Аҳәынҭқар Дауҭ Адиан данԥсы ашьҭахь (1853) аҭынха, аҳ Никәала иқәранамӡара иахҟьаны, 1857 шықәсанӡа ҳәынҭқарра анапхгара алҭон иан, аҳкәажә Екатерина (Ката ԥсышәала иуҳәозар) Алықьсандр-иԥҳа Адиан (лыӡӷабжәла Чавчаваӡе). 1857 ашықәс азы Кавказ аҳәынҭқар Бариатински, Одиша ақалақь аҿы анхацәа рыҭынчымрақәа ирыхҟьаны иҟалаз аилаҩынтра ихы иархәаны, аҳра иҷыдоу анапхгара аԥиҵеит. 1867 ашықәс азы Агыртәылатәи аҳәынҭқарра закәанла аҟазаара ааннакылеит, насгьы Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакхеит.
Аҳцәа
аредакциазураАлитература
аредакциазура- Андреевски Иуа, Агыртәыла // Брокгаузеи Ефронеи иртәу Аенциклопедиатә жәар, Санкт-Петербург, 1890-1907.
- Ламберти Арканџьело, Кьалӷьҭа ахҳәаа, иахьатәи Агыртәыла., 1913.
Азхьарԥшқәа
аредакциазура- ↑ Ламберти Арканџьело, Кьалӷьҭа ахҳәаа, иахьатәи Агыртәыла., 1913.