Аусумҭақәа. Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.

Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа.

Урҭ Кавказ аҭҵаарадырратә дунеиаҿ мацара акумкуа, аҳәаанырцәгьы ахәшьара ҳарак зыҭоу амонографиақәа: "Заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаан Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа", "Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа", "Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара" рҟынтә иаагоуп, иара убас апериодика ианылахьоу аҭҵаарадырратә статиақәа, арецензиақәа, аԥсуаҭҵаара аусзуҩцәа ирызку анҵамҭақәа, аиҭагақәа рылоуп.

Ашҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымԥада, аԥхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.

Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аԥсны аҭоурых иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа зегьы.

Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.

Алитература аредакциазура

  • Амҷба, Гьаргь. «Аусумҭақәа». amichba.de. [ацит. 2021-01-26]. онлаин