Гыртәыла аҳра

Гыртәыла аҳратәра» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Агыртәылатәи Аҳра, Гырны, Агыртәыла (агыр. სამარგალოშ ოთარე, ოდიშიშ ოთარე, ақырҭ. სამეგრელოს სამთავრო, ოდიშის სამთავრო) — XVI-XIX -тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аҳра (самҭавро).[1]

Аҳратәра
Гыртәыла аҳра
агыр. სამარგალოშ (ოდიშიშ ) ოთარე
ақырҭ. სამეგრელოს (ოდიშის) სამთავრო
Абираҟ
Абираҟ (1560-тәи ашықәсқәа Диого Хомем излаиҳәо ала) иара убас Вахушти излеиҳәо ала 18-тәи ашәышықәса абираҟ
Агерб
18-тәи ашәышықәсазы Вахушти ихьӡ зху агерб
Аҳҭнықалақь Жәыргьыҭ
Ашьақәгылара 1442 ш.
Аӡра 4иул. / ԥхынҷкәынмза 16, 1803 ш.грег.
Аофициалтә бызшәақәа агыршәа, ақырҭуа бызшәа
Абызшәақәа Агыруа бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Адин Аиашахаҵаратә қьырсианра

XV ашәышықәса анҵәамҭазы еидызкылаз Қырҭтәыла аҳра ԥшь-хәҭакны еиҟәшеит: Қарҭли, Кахеҭ, Имереҭ, Самцхе-Сааҭабагәа аҳра. Атәыла афеодалтә еиҟәыҭхара апроцесс еицәахеит, Имереҭ аҳра аҩныҵҟа ишьақәгылеит Гәриеи Агыртәылеи рыҳәынҭқаррақәа. XVI-тәи ашәышықәса алагамҭазы Агыртәи (Одиша) ҳәынҭқарра иаҵанакуан Одишеи Цхәымеи. Аҳәынҭқарра атерриториа инаӡон Цхениҵҟали аӡиас инаркны Анаҟәаԥиҵсҟали аӡиас аҟынӡа, уажәы Ԥсырӡха аӡиас (иахьатәи Аԥсны иаҵанакуа). 1615 шықәса аҟынӡа, Агыртәылеи Гәриеи Ҭырқәтәыла анапаҵҟа иаан, мчыла аҳазалхра ршәо иалагеит. Џьовани де Луккеи Арканџьело Ламбертии изларҳәо ала, 1650 шықәсазы Агыртәыла аҳәаа Кәыдрыи Цхениҵҟали аӡиасқәа рыбжьара иҟан. Убасҟан ауп Аԥсуа ҳәынҭқарра адгьылқәа анаархынҳәыз.

Иҿыцу адинастиа.

аредакциазура
  • Леуан II Адиан данԥсы ашьҭахь (1657), Агыртәылатәи аҳра ирласны иԥсыҽхеит. XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, аҳраҿы аилаҩынтра ҟалеит, уи иахҟьаны аамсҭашәара рышьҭратә рқыҭақәа рцәыӡит, Адианаа аҳра зуаз аҳцәа рызегьы ахҵәарахь идәықәлеит. Амчра импыҵихит аҳҭынрауаҩ Кац Ҷкәан. Аамсҭацәа имчра рыдымкылеит, убри аҟнытә аиҿагылара ҟалеит, уи хыркәшахеит Кац иԥа - Гьаргь IV Липартиани аҳс дҟалеит, уи аҳәынҭқарцәа рыжәла Адиан идикылеит. Аԥсны аҳратә ҭаацәара ахаҭарнак Шәарах Чачба Агыртәыла аҭауадтә тәарҭа азы ақәԥара далахәын, уи ақәҿиарақәа иоуит, Агыртәыла адгьылқәа Аалӡга аӡиас аҟынӡа игеит (уажәтәи Очамчыра араион зегьы шамахамзар), Бедиа игеит, 1683 шықәса ашьҭахь аӡиас Егры. Имереҭтәи аҳцәа аԥсуа ҭауадцәа рыӷәӷәареи рыԥхьаҟа ацареи хьаас иҟаҵаны, агырцәеи дареи аинышәара рыбжьарҵеит, нас еицырзеиԥшу рымчқәа рыла 1702 шықәсазы Шервашиӡе дааныркылеит, аха уи ашықәс инаркны Егры Аԥсны амрагыларахьтәи аҳәаа ҳәа иаанхеит. Чачаа иаанхаз Агыртәыла агара ахьрылымшаз азы, Егры иаарласны Аԥсны иахәҭакны ирылаҳәан.

Урыстәыла ахәҭакхара.

аредакциазура

Агыртәыла анапхгара зуаз аҳ Григори I Адиан, 1803 ашықәс азы Урыстәылатәи Аимпериа атәылауаҩыс дҟалеит, атәылауаҩратә усқәа рҿы автономиа иман. Аҳәынҭқар Дауҭ Адиан данԥсы ашьҭахь (1853) аҭынха, аҳ Никәала иқәранамӡара иахҟьаны, 1857 шықәсанӡа ҳәынҭқарра анапхгара алҭон иан, аҳкәажә Екатерина (Ката ԥсышәала иуҳәозар) Алықьсандр-иԥҳа Адиан (лыӡӷабжәла Чавчаваӡе). 1857 ашықәс азы Кавказ аҳәынҭқар Бариатински, Одиша ақалақь аҿы анхацәа рыҭынчымрақәа ирыхҟьаны иҟалаз аилаҩынтра ихы иархәаны, аҳра иҷыдоу анапхгара аԥиҵеит. 1867 ашықәс азы Агыртәылатәи аҳәынҭқарра закәанла аҟазаара ааннакылеит, насгьы Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакхеит.

Алитература

аредакциазура

Азхьарԥшқәа

аредакциазура
  1. Ламберти Арканџьело, Кьалӷьҭа ахҳәаа, иахьатәи Агыртәыла., 1913.