Дигорхан Гардаԥҳа, ма Гиго-ҳаным Дадышьԥҳа – Чубехеви (Шәантәыла) ахада, Чолури аҳкәажәду.

Дигорхан Дадышьԥҳа
Гиго-ҳаным
Шәантәылатәи аҳра арегент
Амаҵураҭыԥ ахь:
1841 – 1843
Аԥхьа иҟаз Циоҟ
Аҭынха Кәасҭа


Аԥсра 1843
Ԥари, Шәантәылатәи аҳра
Ахаҵа Мсоусҭ Дадышь
Ахәыҷқәа Циоҟ

Абиографиа

аредакциазура

Дигорхан Гардаԥҳа лхаҵа Мсоусҭ данԥсы ашьҭахь лыцхыраарала, активла лылахәылареи рыла аҳра анапхгара азылуан. Урыстәыла адлара амҩаԥгаразы Қарҭ даннеи, Дигорхан ишиашоу Розен диԥылеит, насгьы лԥа Циоҟ ихьӡала Урыстәыла дшалало ала аҭоуба шьҭалҵеит.

1821-1843 шықәсқәа рзы Чубехеви формалла напхгаҩыс дыҟан. 1833 ашықәс азы лара лаԥхьала Чебехеви Урыстәыла иахәҭакхеит. Аҳкәажә Дигорхан амч ду змаз, згәазыҳәара ӷәӷәаз напхгаҩын.

1841 ашықәс инаркны Туахы аҳратә арраҿы иҭахаз лԥа Циоҟ ихәыҷқәа фҩык (Кәасҭагьы уахь дналаҵаны) дрыхылаԥшуан. Аҳкәажә аурыс ориентациа лыман. 1843 ашықәс азы Ецер-Цхәымар-Беҷо зтәыз Ҭаҭарҟан Дадышь Ԥаритәи лтәарҭа дақәлеит. Дигорхан акраамҭа лхы лыхьчон, аҵыхәтәан амца зкыз абааш дналԥаны дыԥсит.

Алитература

аредакциазура