Делԥҳа, Саида Бадра-иԥҳа

Дел-ԥҳа, Саида Бадра-иԥҳа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Саида Бадра-иԥҳа Делԥҳа (аур. Делба Саида Бадровна; ԥхынгәымза 271965 ш., Тҟәарчал, Аԥснытәи АССР, СССРабҵарамза 301992 ш., Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Абиографиа

аредакциазура

Диит 1965 шықәсазы, Тҟәарчал ақалақь аҿы. Дҭахуит аԥсуақырҭуа Тҟәарчал ақыҭа Аҟуарчаԥан аҳабла.

1982 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳаынҭқарратә университет афилологиатә факултет. 1985 шықәсазы диаган М. Ломоносов ихьӡ зхыу Москватәи аҳәинҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь. Ашьҭахь, 1985 шықәсазы, убраҟа аҵара ааныжбны, наанӡа дахьҭаз Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ахь диасуеит, дагьалгоит 1989 шықәсазы.

1990 шықәсазы аус луеит Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҿы. 1991 шықәсазы Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ «Аублаа» Даредактор хадан.

Саида Дел-ԥҳа лыԥсҭазаара далҵаанӡа илкьыԥхьхаз: раԥхьатәи лажәеинраала адунеи абеит ажурнал «Алашараҿ» /1984, 1/, /иара абраҟа икьыԥхьын иеиҳа инарҭбааз уи лықәгылара, аа-жәеинраалак «Алашара», /(1986, 3)/, даҽа акы-ҩба жәеинраала лзанын агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет» /хыԥхьаӡарала абарҭ зегьы ҳышәҟа цәаҳәа иреиҳамызт/

Абҵарамза 30 1992 урҭ руак аан Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ахәра ӷәӷәа лоуеит. Лара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит.

Алитература

аредакциазура
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 944

Азхьарԥшқәа

аредакциазура